"Март зны иҵәуоит, зны иччоит…": хәажәкыра аԥсабаратә цәаҩа азы згәаҭақәак

Март мза ажәлар рҿы ишашьҭоуи, ааԥынтәи амза иацу аԥсабаратә цәырҵрақәеи ртәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Март мза ахьӡ ажәлар рҿы хәажәкыра ҳәа шазырҳәогьы ақьырсианра иацны ишьақәгылаз ахатәы хьӡы ашьаҭақәа Римнтәи иаауеит. Римлианаа ари амза аибашьра анцәахәы ихьӡ Марс иахаршаланы ишьақәдыргылеит. Ари амза аԥхаррақәа аныҟало, аибашьцәа аныҟәарақәа (ақәыларақәа) рахь рдәықәҵаразы аамҭа бзиоуп ҳәа иалхын. Ус еиқәшәеит аамҭеи аԥсабареи – март шьаарҵәырамзахеит аԥсуаа ҳзын 1992-1993 шықәсқәа рзын, аха аиааирагьы ааигәазтәыз мзахеит. "Март зны иҵәуоит, зны иччоит" рҳәоит ажәлар рҿы уи аԥсабаратә цәаҩақәа азгәаҭо, ус иагьыҟаҵәҟьоуп иара, ԥсабарала мацарагь акәымкәа…
Аԥсуа жәлар рамзар
Март мза аԥсуа хьӡқәа иреиуоуп Қфатмза, Аԥшамза, Ҿаблан. Ари амза жәлар рамзар аҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит уҳәар ауеит. Аурыс поет ду Александр Пушкин март "ашықәс ашьыжь" ҳәа дазышәаҳәон. Ҵабыргынгьы март ашықәс алагамҭоуп ҳәа иршьон ажәытәԥхьаӡарала. Ари амза аҽеиҩшамҭаз ауп аҵхи амши еисны, амш алашьцара аҽалнаго, иаҳа-иаҳа еизҳауа ианалагогьы. Ари амзазы ауп "ашьацаагага" анаауа, уи ҳапрозаик ду Алықьса Гогәуа еиԥш иара аԥсабаратә цәырҵреи апсихологизмреи аӡәы иааимырԥшыц. Ари амзазы анхацәа рыдгьыл аурақәа ирыздырхиоит. Ари амза иадҳәалоу аныҳәарақәеи ақьабзқәеи уаанӡатәи ҳматериалқәа рҿы ҳарзааҭгылахьеит (Хәажәкыра ала иалаго, нас мшаԥынӡагьы есмҽышатәи аишәаргыларақәа, амш ацлара иазку ақьабз уҳәа егьырҭ азгәаҭарақәагьы).
"Аԥҳәыс илеиԥшу март" рҳәоит даҽазныхгьы, ҽнак шәынтә аҽеиҭанакыр алшоит аԥҳәыс лгәы анааибаго еиԥшҵәҟьа. Аха уи қьынцыцраӡам, ма мбжьахраӡам џьоукы ргәы иаанагар шауа еиԥш. Уи ааԥынтәи ашьац аазго, аӡын иалҵны адунеи зыршәҭуа, изырԥхо усуп. "Имариоума зегьы рзыҳәан абылра?".
Аԥсны
"Ааԥынтәи ақәа ашьацаагагоуп" – ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи
Март мзазы аӡынтәи аҵааи, ақәеи, амреи иахьреимакыроу азы ажәаԥҵа азыркит: "Аӡын ахамы аазхәаз, хымш рышьҭахь изҭииз" ҳәа. Заҟа ибзианы иаанарԥшуазеи уи аԥсабаратә цәырҵра. Ари иааҳгаз аҿырԥштәы цуфараҵас ухы иаурхәаргьы ҟалоит ахәыҷқәа рзы.
Иҳамҳәакәа ҳзаҩсуам, аславиан жәлар рамзар аҿы ишарбоу ала март ааба амш зеиԥшу аиԥшҵәҟьаны иҟалоит амашаԥныҳәамшгьы ҳәа ишазгәарҭоу. Амшаԥныҳәамш зеиԥшроу гәазымҭацда – шьыбжьаанӡа ақәа адыруеит, шьыбжьышьҭахь амра каԥхоит, март шалышәшәо аҽунарбоит.