Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ааԥынтәи арранаԥхьара, ашкол аҿы амцакра, Лавров "Ахьӡ-аԥша" ианашьара

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз, иналукааша ажәабжьқәа. Урҭ шәрыԥхьар шәылшоит ҳматериал аҿы.
Sputnik
Sputnik

"Ахьӡ-аԥша" Урыстәыла ААР ахада ианашьара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара, аԥсуа-аурыс аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа арӷәӷәареи арҿиареи рыҟны иҟаиҵаз илагалаз", - ҳәа азгәаҭоуп хәажәкыра 21 2023 шықәсазы иҟаҵоу аусԥҟа аҟны.
"Ахьӡ-Аԥша" - Аԥсны иреиҳаӡоу ҳамҭоуп, иара аԥҵан 2002 шықәсазы.

Ааԥынтәи арранаԥхьара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса мшаԥы-рашәара амзақәа рзы арра рнаԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит хәажәкыра 22 рзы.
Аусԥҟа инақәыршәаны, аррамаҵура зхызгаз арраҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианҵоуп аррамаҵурахь анаԥхьареи арраҟынтә рхрақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара еиҿыркаарц.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны ар рахь ааԥынтәи анаԥхьара рылеиҳәеит

Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа

Урыстәылеи Аԥсни ршәарҭадаратә хеилакқәа рмаӡаныҟәгаҩцәа Николаи Патрушеви Сергеи Шамбеи ашәарҭадара аиҿкаара иалацәажәеит Москва.
Аганқәа рнапы аҵариҩит 2023-2024 шықәсазы ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара аусеицура аплан. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит амчратә усбарҭақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи реинырра арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа.

Ашкол аҿы амцакра

Хәажәкыра 23 асааҭ 21:30 рзы Аракьыҽытәи аерман школ амца акит. Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа фба, аха актәи аихагылаҿы уадақәак роуп зеиқәырхара алыршахаз.
Иблыз Аракьыҽытәи ашколхәыҷқәа Аҭара аҵара рҵалоит.
Иблыз ашкол аҿы аҵара рҵон 76-ҩык аҵаҩцәа. Аҭаранӡа ҩ-километрак рҟынӡа ахьыбжьоу азы ахәыҷқәа автобус ала иргалоит. Автобуск аҭаратәи ашкол иамоуп, ҩба Аԥсны иҟоу аерман уаԥшь ирырҭоит.

Аскарлатина ахы цәырнагеит

Гәдоуҭа араион аҟны аскарлатина ахы цәырнагеит ҳәа еиҭалҳәеит араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа есымчыбжьа араион ахадараҿ имҩаԥысуа аилацәажәараҟны.
Лара лажәақәа рыла, 2023 шықәса ҳҭалазар иазгәаҭоуп 23 хҭыс.
12 мшы ҳәа иадыркит ахәыҷбаҳчақәа №1, №2 рҟны ҩ-гәыԥк, иара убасгьы ачымазара ашьҭа рбеит 2-тәи абжьаратә школ аҟынгьы.
Аскарлатина аҟазшьақәа – ашоура ҳаракы, ацәаҿы ақәыԥса, абз аҟаԥшьхара. Ачымазара анырра рнаҭар алшоит аҷаҷақәеи агәи русура.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак аиубилеи

Хәажәкыра 23 рзы, аилак анаԥҵаз амш аҽны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иара убас имҩаԥган аныҳәатә хәылԥазы.
Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Адныҳәалара даԥхьеит ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы 30 шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи иааз асасцәеи иҟарҵаз адныҳәаларақәа рышьҭахь, Аҳәынҭқарратә ахортә копелла инанагӡеит амҳаџьыраа рашәа "Шьышь-нани".
Анаҩс ахәылԥаз иацырҵеит Аԥсны аестрада ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы хәажәкыра 23 1993 шықәсазы.

Амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса дырӷәӷәеит

Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы иаднакылеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара.
Арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы ахараԥса 500 МРОТ азгәаҭоуп (30 000 мааҭ), фымз аныҟәараз азин амхра. Аҩынтә раан еиларгар – 15 уахи-ҽни аҭакреи шықәсык аныҟәараз азин амхреи.
Арыжәтә ыжәны иҟоу ма даҽа рҩашьыгатә маҭәашьарк зыдкылан иҟоу автомашьына иҭазар, ахараԥса 200 МРОТ ҟалоит (12 000 мааҭ).
Аныҟәараз азин змам ма изымху 30 - 50 МРОТ иқәҵахоит (1800 - 3000 мааҭ).

"Ласточка" Аԥсныҟа иаалоит

Аелектричка "Ласточка" Шәача-Гагра ахырхарҭала аныҟәара иалагоит ҳәа абрифинг аҿы еиҭеиҳәеит АУН "Аԥсны аихамҩақәа" рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Ласточка" агәаҭаратә реис Шәачантәи Гагранӡа аара азгәаҭоуп мшаԥымза инаркны "АЕ" разыхиара агәаҭаразы иҳәеит Ҟәыруа.
Уи адагьы Ҟәыруа иҳәеит иахьазы Аԥсны Урыстәыла иадызҳәало ахырхарҭақәа ԥшьба шыҟоу: Аҟәа-Москва, Санкт-Петербург-Аҟәа, Самара-Аҟәа, Тҟәаԥс-Гагра.