Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы 30 шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит

© Foto / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы хәажәкыра 23 1993 шықәсазы.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит.
"Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, 1993 ш. хәажәкырамза 23 рзы. Ари акт шаҳаҭра ауан, агәрагарагьы ҳнаҭон, иаарласны Аиааира ҳара ишаҳтәхоз, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра шхымԥадатәиу, ҳауаажәлар рзы арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа аҵак ду шрымоу", - ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа қәҿиарала инанагӡоит - арепатриантцәа рыхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа рзаԥҵара.
"Ҳара иаҳҭахуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳашьцәа ирдырузарац, Аԥсны - даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аҩны шаку, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра еснагь ҳшазԥшу. Ҳамчқәа еилаҵаны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, ҳарҭ иҳалшоит иӷәӷәоу, еизҳа-зыӷьо аҳәынҭқарра аргылара", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусра иабзоураны Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, Мысрантә иара убас егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра алыршахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0