Аԥсны

Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа

Аизара ду аҟны ирыдыркылеит апартиа иахьатәи амчрақәа рҿаԥхьа иқәдыргыло азҵаарақәа ахьарбоу арезолиуциа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа, асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы, хәажәкыра 29 рзы.
Аизара ду аҟны ирыдыркылеит апартиа иахьатәи амчрақәа рҿаԥхьа иқәдыргыло азҵаарақәа ахьарбоу арезолиуциа, урҭ ируакуп Аԥсны аиҳабыра афымцамч ахәԥса ашьҭыхразы ирыдыркылаз аӡбамҭа иашам, ҵаҵӷәык амам ҳәа ргәаанагара.
Дара Апарламент ахь ажәалагала ҟарҵеит аамҭа мгакәа ажәлар ирԥырхагоу ари аӡбамҭа аԥыхра азҵаара рыӡбарц.
Уи адагьы афорум алахәылацәа акриптовалиута арҳаразы аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара апровокациатә ҟазшьа змоу, аенергетика акризис ахь иназгаз ӡбараны иазырԥхьаӡеит.
Аԥсны
Жәларбжьаратәи ашәарҭарақәеи аҩнуҵҟатәи аилибамкаарақәеи: Жәлар рфорум аҿы излацәажәоз
Арезолиуциаҟны иазгәаҭоуп Аԥсны аиҳабыра Урыстәыла аҟынтәи 1,5 миллиард мааҭ акредит агаразы рыгәҭакы изызхәыцым шьаҿоуп, ҳтәыла аихамҩатә кредит аиԥш ауадаҩра иҭанаргылоит ҳәа. Аизараҿы иазыршьоит ари акредит ашәахтәшәаҩцәа рыжәҩа иқәлоит ҳәа.
Иара убасгьы ирзааҭгылан аиҳабыра акоронавирус иаҿагыланы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа. Апартиа алахәылацәа урҭ цқьа иҭҵаамыз, изызхәыцмыз, еиҿагылоз усны имҩаԥган, аиҳабыра рхымҩаԥгашьа ауааԥсыра рыхәҭак рыԥсыҭбарахь икылнагеит ҳәа иазырԥхьаӡоит.
Иара убасгьы афорум аҿы иалацәажәеит Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә дача Урыстәыла аҭара азҵаара.
"Апрокуратура хада ишьақәнаргылақәазгьы налаҵаны, аҭыԥ змаз агха дуқәа инарыдҳәаланы, ихымԥадатәины иаҳшьоит атәыла ахада Апарламент аҟынтәи Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә дача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ирхынҳәыроуп ҳәа", - азгәаҭоуп арезолиуциаҟны.

Адокумент аҿы иарбоуп атәыла анапхгара атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа аиҭакра ахьалымшо азы, агхақәа ахьазмыриашо азы, ауаажәларра рыбзазара аиӷьтәраҿы агха ҟазҵаз ахаҿқәа аҭакԥхықәра иаҵаргылатәуп ҳәа, атәыла ахада раԥхьа днаргыланы, анагӡаратә мчра ԥхьаҟа атәыла анапхгара рылшом, хатәгәаԥхарала иқәҵыр ауп ҳәа.

"Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" Аизара ду аҟны аполитхеилак ахь иалхын 21-ҩык, ишьақәырӷәӷәан ахантәаҩы ихаҭыԥуаа – Ҳаџьараҭ Ҳаџьымбеи Даур Аршбеи. Даур Аршба ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс далхуп.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәба "Амцахара" аизара ду, аоппозициеи амчреи реимадара ртәы