Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Гал араион ауааԥсыра анхаразы азин рызҭо аршаҳаҭгақәа 400 рыҭоуп

ГалМедиа аинформациа ала, анхаразы азин шрымоу азы аршаҳаҭгақәа зыҭоу асиақәа кнаҳауп апаспорттә ҟәша афоие аҿы. Аусшәҟәқәа рыҭара мҩаԥысуеит аусуратә мшқәа рзы, асааҭ 9:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 400-ҩык Гал араион ауааԥсыра Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ анхаразы азин шрымоу азы аршаҳаҭгақәа роуит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада Константин Ԥлиа.
Иара иажәақәа рыла, анхаразы азин - Гал араион анхацәа рзы ихадоу документуп. Уи ахархәара аҿҳәара анынҵәа араион ауааԥсыра апроблемақәа рыман, атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аҟәшаҿы аппаратқәеи акартриџьқәеи русура ахьеиԥҟьаз азы, адокумент ҿыцқәа рыҭара уадаҩын. Уажәы ари апроблема ӡбоуп ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Араион ахада иазгәеиҭеит анхаразы азин ала 20 000-ҩык шынхо Гал, урҭ реиҳараҩык апроблемақәа шрызцәырҵло адокумент аҿҳәара ахьынҵәаз азы аԥсахраан.

"Аԥсны анхараз азин рырҭоит ареспубликаҟны жәашықәса рыҩнуҵҟа инхо. 2014 шықәсазы, раԥхьаӡа акәны ианрырҭоз, аҭыӡҭаҭаҩра адырбон Аԥсны анхара ианалага аамҭа инаркны. Иҟоуп хәышықәса ҿҳәараны измаз, зыршаҳаҭгақәа рыҿҳәара нҵәаз. Урҭ адокумент ҿыц рырымҭар ҟалоит, избанзар ареспубликаҿ жәашықәса еиҵамкәа анхара ахәҭоуп", - иҳәеит иара.

Ԥлиа иҳәеит анхараз азин азы аршаҳаҭгақәа 400 анрырҭа ашьҭахь атәанчаҩцәа ашәҟәреиҭаҭаҩра еиҳа активла апроцесс шымҩаԥысуа.
Уажәы Гал араион аҿы аԥсуа тәылауаҩшәҟәы ала аԥснытәи атәанчахәы роуеит 350-ҩык атәылауаа. Лаҵарамза анҵәамҭазы, атәанчаҩцәа реиҭаҭаҩра анхыркәшахалак, еилкаахоит анхаразы азин рызҭо ашәҟәы аҿҳәара нҵәаны шаҟаҩы ртәы рҿыцтәу.
Арадио
Латипов еиҭеиҳәеит Егры аҳәаа ахысразы иҟоу аԥҟарақәа ртәы