Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Аҟәа имҩаԥнагеит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа "Ачыс хаа аныҳәа".
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Мшаԥы 12 рзы Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа. Иара рҽаладырхәит Аԥснытәи ахаачыс аӡыҩцәа 38-ҩык. Дара зегьы раалыҵ ӡырыргеит. Апаскақәа реиԥш арахь иааргеит акаканеиларҳәқәа, ачарӡ уҳәа реиԥш аныҳәатә еишәа амарҭхәқәа. Урҭ рыдагьы еиуеиԥшым ачашәхаақәа, атортқәа.
Аиҳараҩык Аԥсны еицырдыруа ачысҟаҵаҩцәа ракәын, аха иҟан ҿыц заалыҵ ӡырызгозгьы. Екатерина Жемерева раԥхьаӡа акәны "Ачыс хаа аныҳәа" далахәын. Лара арахь иаалгеит ланду лрецепт ала иҟалҵаз апаскақәа. Илырԥшӡеит иҟәымшәышәу афлористика ала.
"Сара еиҳарак ахӡыҟәымшәышә иалхны ашәҭқәа ҟасҵоит. Апаска раԥхьаӡа акәны аџьармыкьахь ицәырызгеит, ус аҩны сҭаацәа рзы ишыҟасҵалогьы", - лҳәеит лара.
1 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

2 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

3 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

4 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

5 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

6 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

7 / 7

Аҟәа имҩаԥысит Амшаԥы иазку VIII ацәыргақәҵа-џьармыкьа

Ауснагӡатә алахәылацәа дрыдныҳәалеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Ҭамила Мерцхәылааԥҳа.
"Ҳаҭыр зқәу алахәылацәа. Шәара иахьа ишәымоуп алшара шәҟазара аашәырԥшырц. Шәнапкымҭақәа ргьама абара адагьы ахәшьара арҭоит. Ихадароу - ишәымоуп алшара ҳасасцәа рҟынтәи абжьгарақәа шәоурц. Уи шәара шәзы ихәарҭахоит", - лҳәеит Мерцхәылааԥҳа.
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ааԥхьарала аныҳәа рхы аладырхәуеит асас дахьцәа - Ачаӡыҩцәеи ачыс хаа аӡыҩцәеи Урыстәылатәи Ргильдиа ахада Иури Кацнельсон, Ачаӡыҩцәеи ахаачыс аӡыҩцәеи Урыстәылатәи Ргильдиа ахада ихаҭыԥуаҩ Елена Беизерова, Шәача уи аҳа ашьаҭаркҩы Евгениа Галкина.
Урҭ роуп аиҳарак аноминациа хада "Апаска" аҟны иреиӷьу алахәыла далызхуаз. Аиааира згаз аҳамҭа ҷыда ианашьахон аныҳәа аиҿкааҩ иҟынтәи. Аҭааҩцәа ракәзар, аноминациа "Иреиӷьны астенд аиҿкаара" аҟны иаиааиз далырхуан.
Аихшьалақәа рыла, ачаӡыҩцәеи ачыс хаа аӡыҩцәеи Урыстәылатәи Ргильдиа ахада Иури Кацнельсон иаликааит ачаӡырҭа "Колос". Шәача аҳа ашьаҭаркҩы Евгениа Галкина Ианина Шьакаиаԥҳа лнапкымҭа аԥыжәара аиуит, асасцәа иалыркааит ахааӡырҭа "Викториа".
Аиармарка иара убасгьы иалахәын ашәҭирҭақәа. Аџьармыкьа аартраан уи иԥшьеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада аиереи Виссарион Аԥлиа.
Аԥсны
Зегь реиҳа ачашә хааны иахьырӡуа аҭыԥқәа ҳәа иалыркааз хәба рыбжьара Аԥсны ыҟоуп