Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зегь реиҳа ачашә хааны иахьырӡуа аҭыԥқәа ҳәа иалыркааз хәба рыбжьара Аԥсны ыҟоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Традиционный праздник урожая прошел на исторической поляне в селе Лыхны с участием представителей всех сел Гудаутского района и Нового Афона в воскресенье 30 октября
Традиционный праздник урожая прошел на исторической поляне в селе Лыхны с участием представителей всех сел Гудаутского района и Нового Афона в воскресенье 30 октября  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 23 рзы иазгәарҭоит Адунеизегьтәи ачашә амш. Ижәытәӡатәиу ари ачыс хкы амилаҭқәа рыҟны дара рҵасқәа ишрышьашәалоу иҟарҵоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа ргәаанагарала Аԥсны, зегь реиҳа ачашә хааны иахьырӡуа аҭыԥқәа ҳәа иалыркааз хәба рыбжьара иҟоуп. Азҵаара мҩаԥнагеит асасааирҭақәеи ауаҭахқәеи раанкыларазы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.
Аԥсны рыбжьы арҭеит 11% анапаҵаҩцәа, иаанхаз ирҳәеит аҭыԥантәи ачыс ишхнахыз, еиҳаракгьы аԥсуа чашә.
Ари а́зҵаарамҩаԥгара ала еилкаахеит актәи аҭыԥ аҟны ишгылоу Ҭаҭарсҭан. 33% рыбжьы арҭеит амилаҭтә чашә - ечпочмак, иара абаҟа гылоуп Казан ақалақь аҟны. Аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп (21%) ауаԥс чашә.
Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит (13%) Ҟабарда-Балкариа, уаҟа ирӡоит хкы рацәала ачашәқәа. Аԥшьбатәи аҭыԥ - Москватәи аобласть, ақалақьқәа рыҟны ирӡо аурыс чашә азы.
Афбатәи абыжьбатәи аҭыԥқәа рыҟны игылоуп Урыстәыла аҩадеи Карелиеи.
Твертәи аобласт аҟны ирӡо "калитки" анаҩсгьы ирацәоуп иҟарҵо ачашәқәа. Урҭ рыбжьы рырҭеит 6% иызҵааз. 5% - Башкириатәи ачашәқәа.
Ажәабатәи аҭыԥаҿ игылоуп Примортәи ачашә хәыҷқәа пиан-се.
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Аԥсны
Аԥсны аҩнатә ԥстәқәа рыманы ԥсшьара иахьцо ҳәа иалыркааз аҭыԥқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0