Аԥсны

Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит

Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Сариа Кәарцахьиаԥҳа. Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит. Идырым џьоукы абзазаратә, аргыларатә гәамсам аӡиас Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы инаган икарыжьуеит. Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи амчрақәа изныкымкәа ари аҵакыра дрыцқьахьеит, аха ауаа арахь агәамсам ааганы акажьра иаҟәымҵит.

"Уаанӡа араион ахадара закәанҵаҵӷәыда агәамсам ааганы иахькарԥсоз аҵакыра рыцқьаны уахь анеирҭа алымшо иржит, аха мышқәак рышьҭахь аҭагылазаашьа шыҟац ҩаԥхьа иҟалеит. Ари ииасыз амчыбжь азы акәын. Ааигәа-сигәа инхо ауаа ус шыҟарымҵо агәрагара сымоуп. Аиҳарак агәамсам аазго амашьынақәа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаанхо агәам зҭоу ааҵәақәа рықәуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аҟәа араион акоммуналтә нхарҭа адиректор Денис Ҷанба ишиҳәо ала, ас еиҿкаарада агәамсамкажьырҭақәа аладатәи ацҳа ааигәарагьы иҟалалоит.
Стихийная свалка в районе гумистинского моста
Убри аан араион аҿы игылоуп 60 рҟынӡа агәамеизакырҭа. Есыҽны акоммуналтә нхамҩа амашьына ҷыда Галҟа иагоит 30 куб агәамсам.
Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц.
Стихийная свалка под Гумистинским мостом