https://sputnik-abkhazia.info/20230413/aada-eshyra-gymsati-atsa-aaa-agamsam-ratsany-eieizeit-1045231029.html
Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит
Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц. 13.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-13T09:00+0300
2023-04-13T09:00+0300
2023-04-13T09:03+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0c/1045236226_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_c55c274cec925fad7a689878d7416195.jpg
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Сариа Кәарцахьиаԥҳа. Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит. Идырым џьоукы абзазаратә, аргыларатә гәамсам аӡиас Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы инаган икарыжьуеит. Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи амчрақәа изныкымкәа ари аҵакыра дрыцқьахьеит, аха ауаа арахь агәамсам ааганы акажьра иаҟәымҵит. Аҟәа араион акоммуналтә нхарҭа адиректор Денис Ҷанба ишиҳәо ала, ас еиҿкаарада агәамсамкажьырҭақәа аладатәи ацҳа ааигәарагьы иҟалалоит. Убри аан араион аҿы игылоуп 60 рҟынӡа агәамеизакырҭа. Есыҽны акоммуналтә нхамҩа амашьына ҷыда Галҟа иагоит 30 куб агәамсам. Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     аԥсны, ажәабжьқәа
Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит
09:00 13.04.2023  (ирҿыцуп: 09:03 13.04.2023) Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц. 
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Сариа Кәарцахьиаԥҳа. Аҩада Ешыра Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа агәамсам рацәаны еиҭеизеит. Идырым џьоукы абзазаратә, аргыларатә гәамсам аӡиас Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы инаган икарыжьуеит. Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи амчрақәа изныкымкәа ари аҵакыра дрыцқьахьеит, аха ауаа арахь агәамсам ааганы акажьра иаҟәымҵит. 
"Уаанӡа араион ахадара закәанҵаҵӷәыда агәамсам ааганы иахькарԥсоз аҵакыра рыцқьаны уахь анеирҭа алымшо иржит, аха мышқәак рышьҭахь аҭагылазаашьа шыҟац ҩаԥхьа иҟалеит. Ари ииасыз амчыбжь азы акәын. Ааигәа-сигәа инхо ауаа ус шыҟарымҵо агәрагара сымоуп. Аиҳарак агәамсам аазго амашьынақәа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаанхо агәам зҭоу ааҵәақәа рықәуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аҟәа араион акоммуналтә нхарҭа адиректор Денис Ҷанба ишиҳәо ала, ас еиҿкаарада агәамсамкажьырҭақәа аладатәи ацҳа ааигәарагьы иҟалалоит. 
Убри аан араион аҿы игылоуп 60 рҟынӡа агәамеизакырҭа. Есыҽны акоммуналтә нхамҩа амашьына ҷыда Галҟа иагоит 30 куб агәамсам. 
Аҟәа араион ахадараҿы ирыгәҭакуп ари аҵакыра рыцқьаны арбагақәа ықәдыргыларц.