Аԥсны

Аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр иалахәыз ҳәа гәҩарас ирымоу аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбрала аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр иалахәыз ҳәа гәҩарас иҟоу Брианск инхо Александр Шьемелинин аҩнытә баандаҩра иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусеиларгара агәаанагарала, хәажәкыра 14 2023 шықәсазы Ԥшьаԥ ақыҭан, урыстәылауаҩ машьынала дисуеит амҩа еихызҵәоз - Агәыӡера инхоз Андреи Ишутинов. Ишутинов иоуз ааха иахҟьаны иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Шьемелинин амашьына аԥсҟы икын арыжәтә џьбареи анаркотикатә маҭәашьарқәеи идкыланы. Хәажәкыра 15 рзы иҟалаз ахҭыс инамаданы ашьауӷатә ус хацыркын, хәажәкыра 18 рзы аусӡбарҭа аӡбара аднакылеит мшаԥы 12-нӡа иаанкыларазы.
Аԥсны
Амҩатә машәыр иалахәыз ауаҩы даанкылоуп