Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амҩатә машәыр иалахәыз ауаҩы даанкылоуп

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 30 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭаҿы амҩан аԥсҭбара зцыз амашәыр ҟалеит.
АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи амилициа дааныркылеит Узбекистан атәылауаҩ, хәажәкыра 30 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭа амҩан иҟалаз амашәыр иалахәыз ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара реилацәажәараҟны араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба.
"Иара ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы даанкылан. Аусҭҵаара-процессуалтә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит иара иганахь ала. Амашәыр шыҟалаз аҭҵааразы аекспертиза амҩаԥгара иаҿуп", - иҳәеит иара.
Sputnik акорреспондент иҿцәажәараан Гыцба иҳәеит Узбекистан атәылауаҩ аҭыԥ аҟынтә дшыбнамлаз, амҩатә машәыр аан ижәны дшыҟамыз.
Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА ахь аҭел иасит хәажәкыра 30, асааҭ 8:46 рзы. Автомашьынақәа Hyundai, Volkswagen еиҿасит. Аӡәы дҭахеит.
Машины милиции Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2023
Аԥсны
Аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа
Ажәабжьқәа зегьы
0