Аԥсны

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра Аҟәа араион аҟны инагӡахо 13 проект аднакылеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра Аҟәа араион аҟны инагӡахо 13 проект аднакылеит, иалхәу апроектқәа зеиԥшла 8, 9 млн мааҭ дыртәоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭынаа.
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭпрограмма инақәыршәаны арзаҳалқәа алызҵаз анхацәа адгьыл аус зладыруло амаругақәа рзаахәахәоит. Иара убас араион аҟны иазгәарҭон аӡахәарҭа маҷқәа реиҿкаара.
Аҟәа араион иамоуп ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахатәы апрограмма, уи аҭыԥантәи абиуџьет амчала инарыгӡоит. 2023 шықәсазы уи анагӡаразы иазгәаҭоуп 3 млн мааҭ. Арҭ арбагақәа 5 млн мааҭ рыла еиҵоуп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
"Иҳаҩсыз ашықәс азы 19 проект ҳрыхәаԥшит, урҭ рҟынтәи 12 проект ҳақәшаҳаҭхеит, зеиԥшла 3,5 млн мааҭ иартәеит ахарџь. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны апроектқәа зегьы ҳадҳамкылеит. Аԥара ыҟан, аха анхацәа рҟынтәи азыҳәа ахьыҟам иахҟьаны ибжьаратәу арбагақәа рҟны ҳаангылеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аҟәа араион ахада игәаанагарала, макьана арҭ аԥарақәа рызхоит.
Аԥсны
160 проект нагӡахоит ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны