Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

160 проект нагӡахоит ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны

© Sputnik / Томас Тхайцук Сбор клубники в Абхазии
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2022
Анапаҵаҩра
Апрограмма аус ауеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит, уи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп шә-миллион мааҭк.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Spunik. 161 проект нагӡахоит 2022 шықәса рзы аусбарҭатә программа "Ақыҭанхамҩа арҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы амаҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Иалырхыз апроектқәа зеиԥшла 76,7 миллион мааҭ дыртәоит, урҭ арахәааӡара, аҵиааӡара, ашәыр аршра, аԥсыӡааӡара уҳәа ирзырхоуп.
"Акомиссиа апроектқәа иаларҵаз гәарҭоит. Аҭыԥ ахь инеины, игәарҭоит, апроект иану адыррақәа иашоу ииашаму аилкааразы, адгьыл рымоу ирымаму, арахәааӡаразы аргыларақәа хәарҭоу ихәарҭаму уҳәа. Анаҩс акомиссиа апроектқәа шьақәнарӷәӷәоит", – иҳәеит Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит апрограмма апринцип хада - ԥарала ацхыраара акәым, аха амаругақәеи аматериалқәеи рзаахәара ауп. Џьопуа ишиҳәаз ала, ус изыҟарҵо аԥара ишахәҭам инырымхырц азоуп.
Убас ала, аминистрра аиҭаҳатәқәа, амотоблокқәа, атрактор-маҷқәа, аӡақәҭәагақәа уҳәа аахәаны апрограмма алахәцәа ирырҭоит.
Џьопуа иажәақәа рыла, апрограмма иабзоураны Кәтол ақыҭа анхацәа ацхыраара рыҭан, уи иабзоураны ачаитә плантациақәа 10 гектарк аус рыдырулеит - уи азы иаахәан амаругақәа ҩ-миллионк рыхә.
Предпосевная культивация почвы перед началом посева сахарной свеклы на полях АО Рассвет в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2022
Аԥсны
Гагра араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аусура иалагоит
Иара убас Џьопуа рыӡбахә иҳәеит уаанӡа аԥара ззоужьыз иахьа уажәраанӡа қәҿиарала аус зуа апрограммақәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Тҟәарчал араион арасааӡара, Гагра ашәыррҩақәа рыҟаҵара, аҵыҵындрааӡарҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0