Аԥсны

"Apsny-Star" аҩбатәи асезон акастинг мҩаԥысуеит аҳәынҭфилармониаҟны мшаԥы 30 рзы

Апроект "Аpsny-Star" аԥхьахә хада – Гнессинаа рыхьӡ зху амузыка Академиаҿы хәыдаԥсада аҵараҵара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. "Apsny-Star" аҩбатәи асезон акастинг мҩаԥысуеит мшаԥы 30, асааҭ 11.00 рзы аҳәынҭфилармониаҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект апродиусер Анри Гәымба.
"Аҭагылазаашьақәа шыҟац иҟоуп, ашәа зҭаҩу афлешка умазароуп, аҭаҩра мҩаԥысуеит иалахәхарц зҭаху лабҿабала иҟазаараан", - иҳәеит иара.
Гәымба иҳәеит аҩбатәи асезон акастинг алахәхаразы фҩык – Инна Коионова, Нила Начҟьебиаԥҳа, Сариа Аиԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Хаджиева, Муслим Ларго шалыркаахьоу. Урҭ актәи азыӡырыҩррақәа раан иалхын. Зынӡа жәҩык алаҳхуеит, иҳәеит "Apsny-Star" апродиусер.
Аԥҟарақәа инарықәыршәаны асезонқәа рыҩба ирылахәхароуп 15-15-ҩык. Урҭ нас хҩык анапхгаҩцәа ркомандақәа рахь иргоит. Анапхгаҩцәа ркомандақәа рҟынтә анаҩс ҩыџьа-ҩыџьа ахԥатәи асезон аҿы еиндаҭлалоит.
Апроект "Аpsny-Star" Аԥсны акультура аминистрра адгыларала еиҿкаауп. Аспонсор хада – амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.
Аԥсны
Аеҵәа ҿыцқәа: "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт