https://sputnik-abkhazia.info/20230329/1044923641.html
Аеҵәа ҿыцқәа: "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт
Аеҵәа ҿыцқәа: "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны аҩаша, хәажәкыра 28 рзы имҩаԥысит "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт. 29.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-29T15:30+0300
2023-03-29T15:30+0300
2023-03-29T15:59+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1d/1044924731_0:183:2867:1796_1920x0_80_0_0_13f00542c9bf7b1cebf7ff8666008c56.jpg
Аҩбатәи аконцерт актәи излеиԥшымыз уи ауп, уажәтәи аан апроект иалҵуаз ҟалеит. Ажиури иқәдыргылаз ахәшьарақәа реихшьалала командацыԥхьаӡа ҩыџьа рахьтә аӡәы далҵуан. Иаанхо анапхгаҩы далихуан. Аха егьи акоманда анапхгаҩы иалырцаз артист деиқәирхарц иҭахызар, иара икоманда далаҵаны ахԥышәараз алшара ииҭоит.Аконцерт шымҩаԥысыз, аӡбаҩцәа зусҭцәаз, еиҳа иҳараку ахәшьарақәа зауз атәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1d/1044924731_68:0:2799:2048_1920x0_80_0_0_69d241675254277fce6857c289647ed3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аеҵәа ҿыцқәа: "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт
15:30 29.03.2023 (ирҿыцуп: 15:59 29.03.2023) Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны аҩаша, хәажәкыра 28 рзы имҩаԥысит "Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт.
Аҩбатәи аконцерт актәи излеиԥшымыз уи ауп, уажәтәи аан апроект иалҵуаз ҟалеит. Ажиури иқәдыргылаз ахәшьарақәа реихшьалала командацыԥхьаӡа ҩыџьа рахьтә аӡәы далҵуан. Иаанхо анапхгаҩы далихуан. Аха егьи акоманда анапхгаҩы иалырцаз артист деиқәирхарц иҭахызар, иара икоманда далаҵаны ахԥышәараз алшара ииҭоит.
Аконцерт шымҩаԥысыз, аӡбаҩцәа зусҭцәаз, еиҳа иҳараку ахәшьарақәа зауз атәы шәаԥхьа
Sputnik аматериал аҿы.

"Apsny-Star" аҩбатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны аҩаша, хәажәкыра 28 рзы.

Уажәазы ажиури иқәдыргылаз ахәшьарақәа реихшьалала командацыԥхьаӡа ҩыџьа рахьтә аӡәы далҵуан. Уи дазусҭахоз зыӡбоз рырҵаҩцәа ракәын.

Алахәцәа шьоукы реилаҳәашьала удыршанхон.

Даҽа шьоукых ихамырҟьакәа рҽеиларҳәеит.

Ажиури рнаҩс арҵаҩцәагьы рыбла еихмырсыӷькәа рҵаҩцәа ирыхәаԥшуан.

Миранда Мархолиаԥҳа лықәгылараан лыбжьи леилаҳәашьеи рыдагьы, ахәаԥшцәа хылхит амца иалҵуа аҵыс феникс аазырԥшуа ахаҿсахьа лҽагәылакны.

Афилармониа азал зегь ҭәын - ахәаԥшцәа досу иргәаԥхоз артист адгылара бзиа ирҭон.

Алан Бесланиԥа апроект далшәарц ак игымхеит, аха ирҵаҩы лыбзоурала даанхеит.

Викториа Лабиа лакәзар, иреиҳаӡаз абалл лоуит иналыгӡаз ашәа "Human" азы.

Арҵаҩцәа рыҽрызнымкылакәа иқәгылоз ашәа рыцырҳәон.

Ашәаҳәацәа рыбжьара иҟан зыбжьы анаҩс, амузыкатә арҳәагақәагьы цәырызгаз.

Афилармониа ҭзырҭәааз ауаа иргәарԥханы аконцерт иахәаԥшуан.

Апроект ахԥатәи аконцерт мызкы ашьҭахь иҟалараны иҟоуп.