АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аилатәараҟны "Аԥстәқәа рызныҟәашьаз" азакәан актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит:
аԥстәқәа разыҟазаашьаан азеиԥш ԥҟарақәа рықәныҟәара;
абри аусхк аҟны аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалареи азеиԥш хылаԥшреи;
аҩны аԥстәқәа рымазаара аҭагылазаашьаз аҭахрақәа;
аԥстәқәа рыԥшәмацәа рҭакԥхықәрақәа;
аԥстәқәа мҽыӷрыла рызныҟәара аҟынтә рыхьчара;
иаԥшәымадоу аԥстәқәа разыҟазаашьа;
абнатәи аекзотикатәи ԥстәқәа афото рыцҭыхра аиҿкаареи амҩаԥгареи азинҟамҵара;
акультуратә, агәмырҿыӷьратә, аӡыргаратә, амаҵзуратә хықәкқәа рзы аԥстәқәа рхархәараз аҭаххарақәа;
амаҵзуратә хықәкқәа рзи амаҵзуратә ԥстәқәеи рхархәараз аҽазыҟаҵарақәа рзы аҭаххарақәа;
алабораториатә ԥстәқәа разыҟазаашьаан аҭаххарақәа;
иаԥшәымадоу аԥстәқәа рышьразы азинҟамҵара;
аԥстәқәа рхатәтәразы аԥкрақәеи азинҟамҵареи;
аԥстәқәа рзы аанкыларҭақәа русура;
аԥстәқәа рышьразы аԥкрақәа.
Аԥстәқәа мҽыӷрыла рызныҟәареи егьырҭ ацәгьоурақәеи рзы аҭакԥхықәра административтә зинеилагарақәа русхк аҟны Ашьауӷатә закәанеидкыла иҳәаақәнаҵоит.
Иара убасгьы аԥстәқәа азин иаҿагыло рзыҟазаашьазы ахараԥсақәа еиҳа иҳаракны рышьақәыргылара азгәаҭоуп.