АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Аԥсны ахәҳаахәҭратә ҩны Таџьикистан аԥҵареи ахәҳаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҭбаареи ирылацәажәеит Душанбе. Аусуратә ныҟәарыла Таџьикистан дыҟоуп Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ихаҭыԥуаҩ Дмитри Кетиа.
"Таџьикистантәи аган азҿлымҳара ду аадырԥшоит ахәҳаахәҭра-економикатә усеицуразы. Ахәҭакахь ала зыӡбахә ыҟоу аҩқәеи, аӡқәеи, аӡҵәыҵәқәеи иара убас, егьырҭ аԥснытәи аалыҵқәеи", - ҳәа азгәеиҭеит Кетиа.
Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ихаҭыԥуаҩ Таџьикистан анаплакҩцәа рхаҭарнакцәа реилазаара дырԥылеит.