Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Душанбе иалацәажәеит Аԥсны ахәҳаахәҭратә ҩны Таџьикистан аԥҵара

© Sputnik / Павел БедняковДом правительства Таджикистана в Душанбе.
Дом правительства Таджикистана в Душанбе. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Таџьикистани рыбжьара аԥхьаҟа аусеицуразы арцыхцыхра иалацәажәеит.
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Аԥсны ахәҳаахәҭратә ҩны Таџьикистан аԥҵареи ахәҳаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҭбаареи ирылацәажәеит Душанбе. Аусуратә ныҟәарыла Таџьикистан дыҟоуп Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ихаҭыԥуаҩ Дмитри Кетиа.

"Таџьикистантәи аган азҿлымҳара ду аадырԥшоит ахәҳаахәҭра-економикатә усеицуразы. Ахәҭакахь ала зыӡбахә ыҟоу аҩқәеи, аӡқәеи, аӡҵәыҵәқәеи иара убас, егьырҭ аԥснытәи аалыҵқәеи", - ҳәа азгәеиҭеит Кетиа.

Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ихаҭыԥуаҩ Таџьикистан анаплакҩцәа рхаҭарнакцәа реилазаара дырԥылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0