АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәеи аҳәаа анхыҵ инхо ҳџьынџьуааи Ураза-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз. Анцәахаҵара змоу иахьа аҿар аҵас бзиақәа рыларҵәареи урҭ иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рылааӡареи рус аҟны рлагаламҭа аҵакы ахә ашьара уадаҩуп ҳәа.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны иқәынхо, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟны инхо ҳџьынџьуаа аԥсылманцәа, ишәымоу анцәахаҵареи, ачҳареи, анцәа ицәшәареи, имҩаԥыжәго анцәаиҳәареи Ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит, Аԥсни аԥсуа жәлари иахьыҟазаалак Анцәа илԥха рыцзааит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.