https://sputnik-abkhazia.info/20230421/asny-iynkho-asylmantsa-uraza-bairam-rydinyaleit-atyla-akhada-1045389110.html
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит атәыла ахада
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит атәыла ахада
Sputnik Аҧсны
Ураза-баирам – амза ԥшьа Рамадан хнаркәшоит. Ари аҽны иаԥыххоит ачгара аамҭазы изықәныҟәоз аԥкрақәа. Аԥсылманцәа Аллаҳ иаҭабуеит илаԥшхаа ахьрыгимыжьуа азы. 21.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-21T12:40+0300
2023-04-21T12:40+0300
2023-04-23T16:49+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1f/1044978115_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_393d705dff184f18c96cb96b648371ef.jpg
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәеи аҳәаа анхыҵ инхо ҳџьынџьуааи Ураза-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз. Анцәахаҵара змоу иахьа аҿар аҵас бзиақәа рыларҵәареи урҭ иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рылааӡареи рус аҟны рлагаламҭа аҵакы ахә ашьара уадаҩуп ҳәа. "Ҳаҭыр зқәу Аԥсны иқәынхо, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟны инхо ҳџьынџьуаа аԥсылманцәа, ишәымоу анцәахаҵареи, ачҳареи, анцәа ицәшәареи, имҩаԥыжәго анцәаиҳәареи Ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит, Аԥсни аԥсуа жәлари иахьыҟазаалак Анцәа илԥха рыцзааит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1f/1044978115_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_da34e9235ef6f9a7f680b65930b86671.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
аԥсны, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит атәыла ахада
12:40 21.04.2023 (ирҿыцуп: 16:49 23.04.2023) Ураза-баирам – амза ԥшьа Рамадан хнаркәшоит. Ари аҽны иаԥыххоит ачгара аамҭазы изықәныҟәоз аԥкрақәа. Аԥсылманцәа Аллаҳ иаҭабуеит илаԥшхаа ахьрыгимыжьуа азы.
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәеи аҳәаа анхыҵ инхо ҳџьынџьуааи Ураза-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз. Анцәахаҵара змоу иахьа аҿар аҵас бзиақәа рыларҵәареи урҭ иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рылааӡареи рус аҟны рлагаламҭа аҵакы ахә ашьара уадаҩуп ҳәа.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны иқәынхо, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟны инхо ҳџьынџьуаа аԥсылманцәа, ишәымоу анцәахаҵареи, ачҳареи, анцәа ицәшәареи, имҩаԥыжәго анцәаиҳәареи Ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит, Аԥсни аԥсуа жәлари иахьыҟазаалак Анцәа илԥха рыцзааит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.