Аԥсны

2022 шықәсазы "Адемографиа аҿиара" апрограммала 36,5 миллион мааҭ шәоуп

Апрограмма хықәкыс иамоуп–аԥсуа милаҭ иеиуоу, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ахԥатәии анаҩстәии ахәыҷқәа рзы 100-100 нызқьмааҭ аԥара рызшәара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Адемографиа аҿиара" апрограммала 2022 шықәсазы 36,5 миллион мааҭ шәоуп ҳәа азгәанаҭоит Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аҳасабырба.
2022 шықәсазы аԥарашәара мҩаԥган 365 хәыҷы рзы. Х-ҭаацәарак 200-200 нызқьмааҭ рызшәан еициз ахәыҷқәа рзы.
Ашықәс иалагӡаны иит 193-ҷкәыни 172-ӡӷаби.
Апрограмма аҵаҵӷәқәа иахьрықәымшәоз азы ҭаацәарак аԥарашәараз мап рыцәкын.
Ари апрограмма аус адулоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы адемографиатә шәарҭадара аиқәырхараз, адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы, аԥсуа милаҭ еиуоу ахәыҷқәа риразы агәазыҟаҵарала.