Аԥсны

2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа шьақәырӷәӷәоуп

Ақәҵара анагӡашьаз ахылаԥшра ҟанаҵалоит Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа шьақәнарӷәӷәеит.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы лыгәҭакқәа ртәы
Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иазоужьуп 5 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа рзырхахоит аԥсуа бызшәа ирласны аҵара акурсқәа, аофициалтә документқәа реиҭагара, аусеилыргара, атерминологиа аиҭагара.
Уи адагьы иазгәаҭоуп ахәыҷӡақәа рзы "абжьы зхоу арҵага", ашколқәраҟынӡатәи ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәеи рзы аудиошәҟәқәа, амультфильмқәа, асахьаркыратә фильмқәа рдублиаж, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизга уҳәа.
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы ауснагӡа ахықәки аусдҵақәеи:
аԥсуа бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәеи адуцәеи абызшәа дырҵаразы арҵара-методикатә цхыраагӡақәа аус рыдулараҿы ацхыраара;
аԥсуа бызшәа арҵараз аметодика аиӷьтәра;
ацәажәаратәи аҩыратәи бызшәа аиӷьтәра алзыршо апрограмма ҷыдақәа аус рыдулара.