Аԥсны

Аԥсра абла ихыԥшылоз ҳпоетцәа: Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аԥсуа литература ишаныԥшыз

Sputnik
Ҳаԥсуа литература зырбеиаз аҩымҭа бзиақәа иреиуоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку ажәеинраалақәа рацәаны. Урҭ аибашьра иалагылазгьы, иалагыламызгьы, уи ашьҭахь ииз апоетцәагьы ирацәаҩны иаԥырҵеит, иреиӷьӡақәоу ахааназгьы ԥсра рықәӡамкәа ҳлитератураҿы иаанхоит. Урҭ зегьы ара рыхцәажәара уадаҩуп, насгьы сара уи хықәкыс исымам, убри азы иалсхит ҳпоетцәа рҟынтәи аибашьра амца еилашыра иалагылаз еицырдыруа хәҩык ҳпоетцәа ражәеинраалақәеи дареи даҽызныкгьы ргәаларшәара Аибашьра Ду еилгеижьҭеи 78 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Урҭ иреиуоуп: Қьаазым Агәмаа, Леуарса Кәыҵниа, Сҭеԥан Қәычбериа, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа.

Қьаазым Агәмаа

Қьаазым Агәмаа ибаҩхатәра еиҳа аҽаныԥнашәашаз, иҳанаҳәарц иҟаз реиҳа ианҳанаҳәашаз ашықәсқәа рзыҳәан, апоет инапаҿы акалам ацынхәрас, импыҵымшәауа икын абџьар.
Сара сеигӡом сшьа икаҭәоугьы,
Сыԥсадгьыл иасҭеит аҭоуба.
Иаҭаххозар сыԥсы иҭоугьы,
Раԥхьа ишасҭо агәра га.
Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба апоет изку истатиаҿы иазгәеиҭон еиԥш, арҭ ацәаҳәақәа рырҵабыргра, иԥсҭазаара зегьы ала ишьақәирыӷәӷәеит уи. Қьаазым Агәмаа иаԥиҵеит алирикатә поезиа иашаҵәҟьа иаҵанакуа, аԥсуа литература ыҟанаҵ инхаша ажәеинраалақәа. Бзиа иибоз аԥҳәыс иналықәкны, раԥхьаӡа аԥсышәала ажәеинраала зҩыз, ҳлирикатә поезиа хацзыркыз апоетцәа дыруаӡәкуп уи:
Аԥсра абла са схыԥшыло,
Ашьа ансылҵуаз зны скәабо…
Схәыцреи сгәыкреи уаҟа еицылон,
Саԥхьа бтәазшәа сгәы иарбо.
1940 шықәазы Қьаазым Агәмаа Асовет Ар рахь иԥхьеит, насгьы 1941 шықәсазы араҟа ихьӡеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Уи нахыс кыраамҭа аӷа хәымга диҿагыланы афронт аҿы дықәԥон, аибашьра мцабз далагылан. Аибашьра ианалагаз уи дтанкистын, аха дук мырҵыкәа дпартизанхеит. 1942 шықәса рзы Чапаев ихьӡ зхыз Бриансктәи абнақәа рҿы хацәнымырха афашистцәа ирақәԥоз апартизантә отриад аҟны авзвод командирс даман, уи ашьҭахь абаталион аштаб аиҳабыс дарҭеит.
Арадио
Абҳазоу Қьаазым Агәмаа изы: ирҿиара аибашьра атема цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит
1941 шықәсазы апартизанцәеи афашистцәа рыри реидысларақәа руак аҿы Қьаазым Агәмаа ӷәӷәала дырхәит. Уи иахҟьаны игәабзиара акыр иуашәшәырахеит, иара убри ашықәс азы, иҩызцәа хьаас ишимаз, ишицәыуадаҩыз аҩныҟа дхынҳәит.
Аибашьраҿы афырхаҵара илиршаз азы Асовет еиҳабыра Қьаазым Агәмаа ҳамҭас ирҭеит аорденқәеи амедалқәеи.
Апоет Аибашьра Дуӡӡа иазку иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа иреиуоуп 1942 шықәсазы Бриансктәи абнаршәыраҿ ииҩыз ажәеинраала "Асалам Аҟәаҟа". Уи абас иалагоит:
Сара узбоит, ԥаса сыҟан,
Убаҳча сыҵан сыԥсы шьо.
Иуыхәаччозшәа уаԥхьа, анаҟа,
Амшын уҿықәсуан еилаҽҽо.
Убасеиԥш, аибашьра иалиааз зегьы еицырдыруа ҩымҭоуп 1945 шықәсазы иаԥиҵаз иажәеинраала "Сҩыза". Иаҳгәалаҳаршәап уантәи цәаҳәақәәак:
Сыԥсадгьыл сыԥхьоит, гәаҟрак сымоуп,
Сангьы илысҭеит са сҭоуба.
Амчгьы сызҭо агәыкрами,
Сгәаҿы иназго. Ацәқәырԥа...
Ҳхәыҷра иацу, ҿырҳәала иаадыруа, аибашьра иазку ҳлитератураҿы иреиӷьӡоу ажәеинраалақәа иреиуоуп Кьаазым Агәмаа иажәеинраала “Асолдаҭ иҳаҭгәын.” Уи иахьа издыруа даара ирацәаҩуп, избанзар, зегьы раԥхьа иргылан баҩхатәрыла иҩуп, насгьы, аибашьра иацу ахьаа ду уиижьҭеи абриаҟара шықәса шҵхьоугьы, ҳара ҳҟынӡа имҩашьахуа иаанагеит.
Ахәакәаԥра аиаҵәараҿ,
Аԥша ахьҵәуа уахынла,
Ҳаҭгәынк гылоуп амацара,
Икәабоушәа лаӷырӡыла…
Апоет Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилгагьы 15 шықәса иԥсы ҭан, ихәрақәа даара ддыргәамҵит, дгәаҟит, аха урҭ ирцәигаз ирҿиамҭақәа ахааназ хьыршәыгәк еиԥш ҳлитература иазынхеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира ахамыршҭра зхымԥадатәуи?

Леуарса Кәыҵниа

Абаҩхатәра бзиа зманы ҳлитература иаалагылаз аҿар дреиуан апоет Леуарса Кәыҵниа. Уи Максим Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт далгеит қәҿиарала, Аԥсны данааи 1938-1939 шш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. 1939 шықәса инаркны Асовет аррмаҵаура дахысуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан дҭахеит ажәыларақәа руак аҟны.
Апоет аибашьра иазку ажәеинраалақәа рҩыха рацәак имаӡеит, избанзар иаразнак амцашыра далашәеит. Иҟалап иҩны иманы арахь аашьҭыха дахьымӡакәа уа иалаӡызар, аха иазгәауҭаша, уи поетк иаҳасабала аԥырԥырҳәа амца шикуаз ауп иҩуаз зегьы шиҩыз. Уи ус шакәу агәра ҳнаргоит апоет иажәеинраала кьаҿ “Аԥсны”.
Ушьха дуқәа са сырҟәыгазааит,
Ушәҭқәа, урҩаш урҭ сымбозааит.
Убаҳча сыҵа уа снеиҩеиуа,
Умшын схыԥшыла, амра хцеиуа,
Уаҟа стәамзааит, о, Аԥсны!
Апоет иажәеинраалақәа руак “Ахьшьыцба” захьӡу аԥырҩы Мери Аҩӡыԥҳа илызкуп. Уаҟа иаарԥшуп аԥсуа ҭыԥҳа ԥшӡа ахацәа дрыҵамхакәа ажәҩан дԥыруа дшалоу, иаразнак адунеи зегьы лыӡбахә шахыҵәаз, дшеицгәарҭаз. Иаагап ажәеинраала ацыԥҵәаха:
Аԥсны
Ажәҩан иалаз аԥсуа хьшьыцба: Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәара иазкны
Дхалеит, хыхь дыҟоуп, ҳаираҿ дкәашоит,
Ахьҭагь, аҵаагь, аурҭгьы лыцҟьоит, Мери!
Ерцахә ԥсаа амҵәыжәҩа лас змоу,
Гәылагь, шьамхылагь ак згым, иџьбароу!

Сҭеԥан Қәычбериа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан, ҳаи анырҳәа, раԥхьа Ҳсовет Еидгыла ахьчараз згәы меиҭаԥакәа зҿыназхаз ахацәа ӷьеиҩқәа дреиуоуп апоет Сҭеԥан Қәычбериа. Уи шьҭрала Очамчыра араион Река ақыҭа далҵит. Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга, мызқәак аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ( 1941-1945) анҵысы аррамаҵура иԥхьеит. Дҭахеит афронт аҟны.
Уи авторс дрымоуп асахьаркыратә ҩымҭақәа жәпакы. Аха абраҟа иҳәатәуп ирҿиамҭақәа зегьыҵҟьа шеиқәымхаз, иҟалап данҭаха ашьҭахь ибжьаӡыз рацәазаргьы уа аибашьраҿы.
Ҳара иаҳзынхаз, аибашьра иазку иажәеинраала, “Сыԥсадгьыл ду, сылашара”, 1942 шықәса рзы ииҩыз, иахьа арҵага шәҟәқәа ирнуп, иара убасгьы иануп “Антологиа”.
Сыԥсадгьыл ду, сылашара,
Сгәазырҳага, сызкәыхшоу!
Кыка хшыла ан лыхшара,
Шылааӡоу еиԥш, сзааӡахьоу!

Алықьса Џьонуа

Апоет- атрибун Алықьса Џьонуа ҳаԥсуа литератураҿы ихьӡ мҩашьахуа иаанхеит. Уи иаԥиҵаз иажәеинраалақәеи ипоемақәеи ажәлар ирылиааит, ирзааигәоуп, иуҳәар ауеит иршьоуп, ирдоуп ҳәа. Еиҳараӡакгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку иажәеинраалақәеи ипоемақәеи. Уи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, дызлаз атанктә архәҭа афронт иналагылеит. Раԥхьатәи ажәыларақәа раан А. Џьонуа дхәын, ҩымз ахәшәтәырҭаҿы дыҟан, аԥхьа – Новошахтинск ақалақь аҟны, ашьҭахь – Сталинград амҵан астанциа Илиниц. Игәабзиара шьақәыргыланы ирхәҭахь дхынҳәит. Иара аԥшыхәратә ротаҟны дсержантын. 1942 шықәса ааԥынразы Барвенково-Лозоваиа (Украина, Харковтәи аобласт) араион аҟны дрытҟәеит, аха иаарласны абналара илшеит; Украина, Винницатәи аобласт аҟны апартизанцәа ргәыԥ "За родину" аԥшыхәратә гәыԥ далалеит. Апартизантә гәыԥ Асовет Ар рырхәҭақәа ианрыларҵа, 1944 шықәса февраль мзазы А. Џьонуа даарышьҭуеит Аҟәатәи арратә комиссариат ахь.
Апоет аибашьра иазку иреиӷьӡоу иажәеинраалақәеи ипоемақәеи иахьа ибзиаӡаны ирылаҵәахьеит ҳажәлар, ҳҵараиурҭақәа рҿы ирҵоит, ҳахрестоматиақәа ирнуп.
Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа
Абраҟа иаазгар сҭахуп "Ашьеи абзиабареи" захьӡу иҩымҭақәа иреиӷьӡоу аибашьра иазку ипоема ацыԥҵәаха хәыҷык. Абри арҿиамҭеи, егьырҭ иҩымҭақәаки рзы ауп апоет Дырмит Гәлиа ипремиа аиура дзаԥсахаз.
Аҭынчра збодаз, аҭынчра абаҟаз, ауаҩы ишьа ахькашуа,
Афронт аҳәа иқәмацәысуан, абџьарқәа гәынқьуа.
Уа зсолдаҭра фырхаҵароу, иназыгӡо зҭоуба,
Дрыцны днеиуан Баҭал Смырба, Аԥсынтәыла аԥа.
Днеиуан имч-илшара ӡхыҵуа, днеиуан иҽрыӷәӷәа,
Иџьаз хылԥа хьанҭа-хьшәашәа, кәалӡра изнауа.
Ижәҩахырқәа еихых-еиҵыхны, уи игәышԥы ҭбааӡа,
Имедал хәыҷ игәы икыдҵан, ирҭаз уажә ааигәа.

Ҷиҷико Џьонуа

Апоет-афронтовик Ҷиҷико Џьонуа аибашьра ианналага адырҩаҽныҵәҟьа дцеит еибашьра. Уи хәышықәса дуӡӡа деибашьуан, абџьарлагьы, каламлагьы. Акырынтә дшырхәхьазгьы, акырынтә аԥсра алакҭа дышҭаԥшхьазгьы, уи агәра игон асовет жәлар шаиааиуаз, аӷа дԥыххаа дшықәырҵоз, иаргьы иҩызцәагьы еибга-еизҩыда ишыхынҳәуаз. Иҟоуп изымхынҳәыз иҩызцәа рацәаҩны, аха иара дхынҳәит, уи ашьҭахьгьы иаԥиҵеит зеиӷьҭам аҩымҭақәа ила иабаз атрагедиа дуи ахаҵареи, агәымшәареи ирылхны.
Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы
Апоет Аџьынџтәылатә еибашьра ду иазку иажәеинраалақәа иреиӷьӡоу рахь ишьоуп ажәеинраала "Сымшьамба." Уи аибашьра аилашымҭаз 1944 шықәса рзы иҩит, иаразнакгьы ауаа ирылаҵәеит. Абраҟа иаагоит ажәеинраала ахәҭак:
Са сгәы уақәшәоит, сымшьамба,
Убри азами аӡәгьы уимҭо,
Сцәа-сжьы узаду.
Нас сеибыҭо, Абзабаа цқьа исырба.
Зны усыҵоуп, зны усықәуп,
Зны суҵоуп, сымшьамба.
Абзабаа цқьа исырба,
Уахгьы-ҽынгьы амҩа сықәуп.
Аисра салоуп аԥса еилышьра,
Асакараҿ, хыбра змам.
Ахьҭа цәгьами, уи мариам,
Аха исылшоит, о, ахысра!
Аӷа дахьыҟам са сраҳаҭуп,
Уи даԥырхуа сцоит, умбои!
Акыр зычҳаз акыр имбои,
Сцәа-сжьы иаду, ушаҳаҭуп!
Иахьа иааркьаҿӡаны араҟа зыӡбахә ҳҳәаз, аныҳәа ду аламҭалаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз хәҩык ҳаԥсуа поетцәа роуп. Зыӡбахә ҳамҳәаз хымԥада уашьҭан хазы ҳарзааҭгылоит, избанзар, урҭ иҟарҵаз ахаҵареи, иаԥырҵаз рырҿиамҭақәеи ахааназ ҳаԥсадгьыл адоуҳатә культураҿы хьтәы нбанла рыхьӡқәа аннаҵеит…