Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәҩан иалаз аԥсуа хьшьыцба: Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәара иазкны

© Foto / Евгений ХалдейМери Авидзба
Мери Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡатәи аԥсуа фырԥҳәыс-аԥырҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду актәи аҩаӡара амедалқәа ҩба занашьоу, "Кавказ ахьчаразы" амедал иаԥсахаз Мери Ҳафиз-иԥҳа Аҩӡԥҳа диит ажьырныҳәа 24 1917 шықәса рзы. Иахьа лара илхыҵуазаарын 105 шықәса.
Жәытәнатә аахыс ахацәа инарываргыланы аҳәса ианаҭаххоз аамҭазы агәаӷьреи агәымшәареи аадырԥшуан. Аԥсуа ҭоурыхи афольклори рҿы иҟоуп ахаҵамԥҳәысра аазырԥшуаз, ахацәа ирыҵамхоз аҳәса рхаҿсахьақәа. Убарҭ дреиуоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәыс - аԥырҩы, зышьҭа ӷәӷәала Аԥсны аҭоурых аҟны иаанзыжьыз Мери Ҳафиз-иԥҳа Аҩӡԥҳа.
Летчица Мери Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2019
Ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәаразы
Заԥхьаҟа ифырԥҳәысхараны иҟаз Мери Ҳафиз-иԥҳа лхәыҷратә шықәсқәа амузыка иадҳәалан, аскрипка арҳәара дазҟазан. Уи збоз лҭаацәа ирҭахын амузыка аган ала лҵара иацылҵарц, аха Мери лыԥсҭазаара даҽа мҩак азылылхит.
"30-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны Аҟәа иаартын аԥырратә клуб. Ари аӡбахә заҳаз Мери илыӡбоит уахь лхы лырхарц. Усҟан аԥырра зҽазызкыз аҿар Қарҭ ма Батаиск ақалақь аҟны иҟаз аԥрыҩцәа рҵараиурҭа иҭаларц алшара рыман. Виктор Аргәын зыҟаҵаҩыс длыман, уи ибзоурала дҭалоит Батаисктәи аҵараиурҭа. Анаҩс, Аҟәатәи аҳаиртә клуб аҟны аусура далагоит, аҿар аԥырра иазыҟалҵон", - ҳәа иҳәоит акыршықәса Мери Аҩӡԥҳа аус лыцызуаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Михаил Гәбаз.
1939 шықәса рзы Аҟәатәи аԥырратә клуб адыркуеит, уи ашьҭахь Мери Аҩӡԥҳа Ленинградтәи Арратә-медицинатә академиа дҭалоит, аха хара имгакәан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагоит. Усҟан лара актәи акурс аҟны аҵара лҵон.
Аибашьра актәи амшқәа рзыҳәаны Мери иаразнак арратә комиссариат ахь арзаҳал лҩит афронт ахь ддәықәырҵарц. Ишақәшаҳаҭхаз ала аҭак анлоу, аштаб ахь днеит. Уантәи Финлиандиа аҳәаахьы ддәықәырҵеит, анаҩс диаган Перм. Раԥхьаӡакәны дақәтәеит аҳаирплан "У2".
© Foto / предоставил Михаил Губаз Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны
Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны
"Мери Аҩӡԥҳа лфырԥҳәызбара атәы ажәала иузҳәом. Иуадаҩыз аамҭа азыҳәаны лхы дамеигӡеит, ҳфырхацәа дрывагылеит, ажәҩан дахаԥыруа адгьыл аҟны ҳҭынчра дазықәԥон. Доуҳала дбеиан, дгәымшәан Мери", - ҳәа иҳәоит Михаил Гәбаз.
Октиабр мзазы Мери ақалақь Енгельс аԥрыҩцәа ргәыԥ шеиҿыркааз анеилылкаа, уахь диасуеит. 1942 шықәса рзы Мери Аҩӡԥҳа дызлаз агәыԥ Кавказ ахьчара здыз архәҭақәа ирыланы рҭыԥ ааныркылоит, аҭагылазаашьа уаҟа даара ицәгьан. Аҟәа арҭҟәацгақәа аналарыжьуаз, Мери лҩызцәеи лареи излауаз ала ақалақь ахьчара рҽазыршәон.
Мери Аҩӡԥҳа дызлаз агәыԥ "Уахынлатәи аҩсҭаацәа" ҳәа ирышьҭан, ирбаны иқәгыломызт анемец фашистцәа. 1943 шықәса жәабранмзазы Севастополь аӷа итанкқәа арҭҟәацгақәа рықәыжьны ихынҳәуеит, уа ажәыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит. Уахынла, еиҳа ианшәарҭаз, аӷа итәарҭа иахаԥыруан. Севастополь ақалақь ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, Белоруссиатәи афронт ахь ииасит.
© Foto / предоставил Михаил Губаз Мери Аҩӡҧҳа имҩаҧылгоит апатриот -ааӡаратә урок
Мери Аҩӡҧҳа имҩаҧылгоит апатриот -ааӡаратә урок - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Мери Аҩӡҧҳа имҩаҧылгоит апатриот -ааӡаратә урок
Жәыларак аан Мери илыцеибашьуаз лҩызеи лареи зықәтәаз рҳаираплан еихсуеит. Дара уаантәи иԥар акәхеит, аха Мери ааха лоуит. Лҩыза лыцхыраарала лыԥсы еиқәхеит. Уи ашьҭахь ахәра илымаз хьаас иҟамҵакәан, афырԥҳәызба аҵыхәтәанынӡа деибашьуан. Уи атәы лгәаларшәо, усҟан илыцеибашьуаз лҩыза Голубева Ольга лгәалашәарақәа рыҟны илҳәахьан:
"Аԥсҭазаараҿы иҟоуп даҽакы иузаламырҩашьо амшқәа, урҭ хазы адгьылбжьаха еиԥш игылоуп, уи ахаан иухамышҭуа гәалашәароуп. Убас иҟоу акакәны иаанхеит ҳаибадырра амш. Ҳҳаираплан ахы анақәшәа, аарла ҳаԥсы еиқәхеит. Мери ахьаа шлымазгьы, даанымгылеит, иулырбомызт лхьаа, илҵәахуан. Уамашәа иубаратәы иҟан аԥсуа ҭыԥҳа лыуаҩышьа, лгәыблыра, лфырхаҵара", - ҳәа лыҩуан лара.
Мери Аҩӡԥҳа леибашьратә мҩа даара ибеиоуп. Лара дықәԥон Аҩада-Кавказ ахьчаразы, 4-тәи Укаринатәи, 2-тәи Белоруссиатәи афронтқәа рҿы, Кавказ, Ҟрым, Белоруссиа, Польша рхақәиҭтәра далахәын. Зынӡа лара аҳауаҿы 477 жәылара мҩаԥылгеит, аӷа иқәлыжьит 63 тонна арԥжәагақәа, 954-нтә афронт ацәаҳәа дахысит.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҟны Мери Аҩӡԥҳа лхатәы маҭәа ҷыда, лфотосахьақәа, лабџьар, лысалам шәҟәқәа ӡыргоуп. Уи аԥырҩы хатәгәаԥхарала амузеи иалҭеит.
"Ҳмузеи ахыбраҟны иҳамоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку ауада. Уаҟа иӡыргоуп аибашьра иалахәыз аԥсуа еибашьцәа рфырхаҵара атәы зҳәо архивтә материалқәа. Урҭ рыгәҭаны иҟоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥырҩы-афырԥҳәыс Мери Аҩӡԥха лархивтә материалқәагьы. Исгәалашәоит, ҷыдала лара урҭ анаалгаз амш. Лаб иахь илыҩуаз асалам шәҟәқәа, абласаркьа, ахсаалақәа, ахылԥа уҳәа амузеи иалҭеит. Акырынтә ҳмузеи ахь дымҩахыҵлон, ҳархив азҿлымҳара алҭон", - ҳәа аҭоурыхтә ҟәырҷахақәа дырзааҭгылеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Рита Ҭарԥҳа.
Мери Аҩӡԥҳа иааигәаны дыздыруаз иазгәарҭоит лгәымшәара инаваргыланы, шаҟа ауаҩреи, аилкаареи аалырԥшуаз азеиԥш ԥсҭазаараҟны.
© Foto / предоставил Михаил Губаз Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны
Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Мери Аҩӡҧҳа лҩызцәа рыгәҭаны
Лара тәанчахәра данцазгьы, ауаажәларратә ус лнапы алакын. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет депутатс дыҟан. Иара убас Аҟәатәи 10-тәи ашьхарыуаа рышкол аҭаацәа рхеилак акыршықәса напхгаҩыс даман. Аҿар аибашьра аҭоурых иазкыз аиԥыларақәа рзеиҿылкаауан, лыԥсадгьыл знысыз афырхаҵарамҩа длырдыруан.
"Иахьеиԥш исгәалашәоит, сыбла ихгылоуп, Мери Ҳафиз-иԥҳа ахәыҷқәа еизганы, ааӡаратә урок анымҩаԥылгоз аамҭа. Убас азҽлымҳара аарԥшны илзыӡырҩуан, шьҭыбжьык ҩныҩуамызт ауада. Анык леиԥш дырзыҟан, лгәыбылра рнырратә еиԥш лхы мҩаԥылгон, ус зегьы ирылшом", - ҳәа Мери Аҩӡԥҳа дылгәалалыршәоит аус лыцызуаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Надежда Малиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит Мери Ҳафиз-иԥҳа аҿар рааӡараҟны аџьабаа рацәаны ишылбахьаз.
"Аибашьра илзыннажьыз ахьаа лгәабзиара ишаныԥшуазгьы, ҽнак лусура дагханы ҟаломызт, ашкол ԥсҭазаара далахәын, аҭаацәаратә хеилак деиҳабын. Ацхыраара зылымҭоз, дызвагыламыз ҳәа уаҩ дыҟамзар ҟаларын. Аҿар рааӡараҟны аџьабаа рацәа лбеит. Лажәа акырӡа аҵанакуан, пату лықәын, бзиа деицырбон. Усҟан ҿыц аусура иалагаз аҿар цәгьала дҳавагылан, ҳусура адагьы, азеиԥш ԥсҭазаараҟны иҳагу-иҳабзоу дазҵаауан, зегьы лара игәнылгон, убас ҟазшьас илыман", - ҳәа инаҵылшьит Малиаԥҳа.
Афырхаҵара, ахаҵамԥҳәысра, агәымшәара ду аазырԥшыз, ахацәа ираҩызгоз Мери Ҳафиз-иԥҳа лхы аӡыргара дшашьаҭамызгьы атәы лҳәеит Надежда Малиаԥҳа.
"Абриаҟара афырхаҵара аалырԥшит, аха ахааназ лхы ӡырылгомызт, алацәажәара лҭахымызт. Дҳаракын уаҩышәала, џьабаала, патула, ламысла. Гәалашәара ԥханы дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҟны даанхеит наунагӡа", - ҳәа лҳәоит Малиаԥҳа.
Мери Ҳафиз-иԥҳа Аҩӡԥҳа диит ажьырныҳәа 17 1917 шықәса рзы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иаалырԥшыз агәымшәаразы иланашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду актәи аҩаӡара змоу аорденқәа ҩба, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден аҩбатәи аҩаӡара, амедалқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы "Кавказ ахьчаразы" амедал. Еизҳауа абиԥарақәа реиҵааӡараҿы ллагалазы иланашьоуп Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҳаҭыртә шәҟәы¸ иара убас аҵарадырра аминистрра аҟынтә хыԥхьаӡара рацәала Аџьшьаратә шәҟәқәа.
Мери Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 12 1986 шықәса рзы, анышә дамадоуп Ешыра ақыҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0