Аԥсны

Аиааира амш аҳаҭыр азы Аҟәа имҩаԥган алитература-поетикатә хәылԥазы

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ имҩаԥысит ақәыргыламҭа "Василий Теркин" арбара, иара убас иарҳәан аибашьара ашықәсқәа рызтәи ашәақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра инамаданы, акультура-усутә центр "Москва Аҩны" Аҟәа имҩаԥнагеит "Былые годы в памяти не стерты" захьӡыз алитература-поетикатә хәылԥазы. Абри атәы аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.
Ауснагӡатә мҩаԥысуан Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны, уи иалахәыз артистцәа иддырбеит аурыс асоветтә шәҟәыҩҩы Александр Твардовски ипоема "Василий Теркин" иалху ақәыргыламҭа.
Аспектакль ашьҭахь имҩаԥган аконцерт маҷ, уаҟа инагӡан аибашьра ашықәсқәа раантәи ашәақәа.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова, Аҟәа ахадара аусбарҭа ахаҭарнакцәа, урыстәылатәи аитәылауаа.
Аԥсны
Агәалашәара аиқәырхара: Аԥсны лаҵара 9 аҽшазнархио