Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәалашәара аиқәырхара: Аԥсны лаҵара 9 аҽшазнархио

© Sputnik / Томас Тхайцук ПК Россотрудничества и музея боевой славы
ПК Россотрудничества и музея боевой славы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы лаҵара 5 рзы имҩаԥган Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеии аныҳәатә уснагӡатәқәа ирызку рпресс-конференциа.
Аныҳәамш аламҭалаз Аҟәа имҩаԥыргахьеит афильмқәа дырбара, афотоцәыргақәҵа, агәалашәаратә акциа амҩаԥгара. Аԥсны ауааԥсыра рзы еиҭах еиҿкаахо ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеии рпресс-конференциа.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аныҳәа аҽазырхиара

Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иажәақәа рыла, Россотрудничество аԥшьгарала ауснагӡатәқәа хацыркын мшаԥы 21 рзы – Ешыратәи абжьаратә школ аҿы аакциа "Агәалашәара абаҳча" амҩаԥгарала. Еиҭаҳан 25 ҵлашьаҭа.
Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ари акциа ишалнаршо ашколхәыҷқәа аибашьра ду аан иҭахаз ргәалашәара ацәмырӡра.
Международная акция Сад памяти в селе Эшера - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2023
Аԥсны
Ешыра 30 ҵла инареиҳаны еиҭарҳаит акциа "Агәалашәара абаҳча" аҳәаақәа ирҭагӡаны
Мшаԥы 25 раахыс Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны иддырбоит афильм "Ниурнберг" (арежиссиор Николаи Лебедев), имҩаԥысуеит афотоцәыргақәҵа "Ниурнбергтәи апроцесс".
Мшаԥы 25 раахыс традициа ҳасабла имҩаԥыргоит акциа "Георгиевская лента". Урҭ аиҿкаарақәа русзуҩцәеи иара ус изҭахуи ирзыршоит.
Нюрнбергский процесс. 20 ноября 1945 года — 1 октября 1946 года. На скамье подсудимых  бывшие руководители гитлеровской Германии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2023
Аԥсны
Ниурнбергтәи апроцесс иазку ацәыргақәҵа Аҟәа иддырбоит Аиааира Амш аламҭалаз
Аныҳәатә усқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥган "Аиааира адиктант".
Федотов иазгәеиҭеит сынтәа Урыстәыла иазкыз азҵаарақәа инарываргыланы Аԥсни Аԥсны иалҵны еибашьуази ирызкыз азҵаарақәа шазгәаҭаз. Дмитри Федотов игәаанагарала, Аибашьра Ду ахҭысқәа рхамшҭра иахьатәи аамҭазы акыр аҵакы шеизҳаз.
"Иахьа Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа иудырбоит ауаа агәхашҭра шроуз", – иҳәеит иара.
Акция Диктант победы в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2023
Аԥсны
Акциа "Аиааира адиктант" 70-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәит Аԥсны

Акциақәеи аныҳәатә концерти

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит лаҵара 6 асааҭ 11:00 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аҳаҭыртә ҟарул Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ҟараул ишрымардо Москва, Идырым асолдаҭ ибаҟаҟынтәи амца аҷыц.
Лаҵара 9 рзы амцаԥшь аркхоит Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟаҿы. Дмитри Федотов иҳәеит амца аҷыц Москвантәи Аҟәаҟа аволонтиорцәа ишаарго лаҵара 5 ауха.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеии лаҵара 9 рзы иеицымҩаԥыргоит акциа "Ԥсра зқәым аполк". Беиаԥҳа иазгәалҭеит дасу изҭаху игәакьа ифотосахьа мҩанигар шилшо. Акциаз инарҭбаау адыррақәа анаҩс иеиҭаҳәахоит.
Иара убасгьы лаҵара 9 рзы ирыдныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа. Асааҭ 19:00 рзы Аҳәынҭфилармониаҟны имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт.
Аиааира амш аҽны иара убасгьы Аҟәеи Гәылрыԥшьи имҩаԥгахоит маланыҟәала аицлабра "Иҭабуп аиааиразы". Инарҭбаау аинформациа ҟанаҵоит Россотрудничество асоциалтә ҳақәа рҟны.
Празднование дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аԥсны
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵара 9 рзы имҩаԥгахоит
Ажәабжьқәа зегьы
0