Аԥсны

Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ Нестор Лакоба диит лаҵара 1, 1893 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазку мышктәи афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа, лаҵара 12 рзы ихьӡ зху амузеи аҿы.
"Ари ауснагӡатә иаанагаӡом амузеи аартуп ҳәа. Ишыжәбо еиԥш амузеи макьана ихиам. Аремонттә усурақәа актәи аетап ауп инарыгӡахьо. Иахьа лгәамбзиара иахҟьаны дҳалагылам амузеи адиректор Лиудмила Владимир-иԥҳа Малиаԥҳа. Аибашьра ианалага, амузеи абылра аламҭалаз лҩызцәа лываргыланы ирылшеит амузеи архив аиқәырхара – Нестор Лакоба ифотосахьақәа, инапылаҩымҭақәа, идокументқәа", - лҳәеит Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аусзуҩ Кама Начҟьебиаԥҳа.
Лара иара убасгьы иазгәалҭеит сынтәа амузеи аусзуҩцәа рымчала ишҭыжьыз ҩ-томкны иҟоу альманах "Нестор". Аматериал еизыргеит Станислав Лакобеи Алықьса Дбари.
2022 шықәса аԥхынразы амузеи аҿы аҩнуҵҟатәи аусурақәа мҩаԥган, аҭыӡқәа рҿыцын, адашьма ҿыц ықәҵан. Ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала аԥенџьыр шкәакәақәа ԥсахын "ихьыԥшшәылоу аџь" аԥшшәы змоу рыла.
Актәи аихагылаҿы – аҵәахырҭа, администрациа, 40 ҭыԥ змоу аконференц-зал ҟалоит. Аҩбатәи аихагылаҟны аекспозициатә залқәа ԥшьба ҟалоит. Уа Нестор Лакоба иԥсҭазаара иадҳәалаз аекспонатқәа цәыргахоит.
Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аартын 1983 шықәсазы. Ари аҭыԥ аҿы игылан аҭоурыхтә хыбра – аҭуџьар Бостанџьыоӷлы иҩны. Амузеи аус ауит нанҳәа 1992 шықәсанӡа. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьыџьтәылатә еибашьраан амузеи рыблит, аха Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы архив зегь аиқәырхара алшеит.
Аԥсны
Ахақәиҭра иазықәԥоз