Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса ҵит

Sputnik

"Изакәытә насыԥузеи аԥсуа даԥсыуаны Анцәа дахьишаз, урҭ ԥызас Нестор Лакоба иеиԥш иҟаз ауаҩы дахьранеишьаз, зыжәлар гәыла-ԥсыла бзиа избоз, зхы-зыԥсы рыхҭнызҵоз", - абас иҩуан Нестор Лакоба изы иара ирҵаҩцәа ируаӡәкыз М.Ф. Гужовски.

Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны

Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩ ду, Аԥснытәи ареспублика (1922-1936) шықәсқәа рзы напхгара азҭоз Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы Лыхны ақыҭан.

Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны.

1905 шықәсазы 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анаҩс иҵара иациҵоит Адоуҳатә семинариаҟны, аха шықәсык аҵара иҵахьан еиԥш, дҭырцоит, ареволиуциатә гәыԥ маӡа дахьалахәыз азы. Уи ашьҭахь Тифлисынтә дықәҵыр акәхеит, дагьиасуеит Баҭымҟа.

1912 шықәсазы Нестор Лакоба Урыстәылатәи асоциал-демократиатә усуцәа рпартиа иатәыз ирадикалтәыз абольшевикцәа рхеидкыла далалоит.

Нестор Лакоба - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы.

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы.

1.

Нестор Лакоба

2.

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы.

3.

Нестор Лакоба иқәыԥшра ашықәсқәа рзы.

"Нестор Лакоба Москвантә ма Қарҭынтә данаауаз, сабду иҿы Блабырхәа ақыҭан Басиаҭ Барцыц иҩнаҭаҟны иԥсгьы ишьон, иҿцәажәарагьы бзиа ибон. Нестор дшәарыцон, сабдугьы уи дазҟазан. Аԥсны сас дахьк данаауаз, сабду игәараҭахь дымҩахигон. Уи атәы аҭоурых аҿгьы иарбоуп. 1934 шықәсазы Сталин Риҵа иԥсы анишьоз ииҭаххеит ԥсыуа ҭаацәарак аҿы днеины ачеиџьыка ифарц. Сталин иҩызцәа ицны сабду игәараҭахь имҩахигеит Лакоба.

Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Едуард Гәыбаз
Аҟәатәи аботаникатә институт аиҳабы
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәыбаз сабду игәараҭа Нестор Лакоба итәарҭан игыларҭан
Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны

Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакоба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. Дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.

Аҧсны аџьаусуҩцәа Реизара ду, маи, 1921 шықәса. - Sputnik Аҧсны

Аҧсны аџьаусуҩцәа Реизара ду, маи, 1921 шықәса.

Нестори Сталин ихьчаҩцәеи, Аҟәа, 1933 шықәса. - Sputnik Аҧсны

Нестори Сталин ихьчаҩцәеи, Аҟәа, 1933 шықәса.

Нестор Лакоба (слева), Лавренти Бериа, Агаси Ханџьиан апартиа аконференциаҟны, 1935 ш. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба (слева), Лавренти Бериа, Агаси Ханџьиан апартиа аконференциаҟны, 1935 ш.

Нестор Лакоба иҩызцәеи иареи. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иҩызцәеи иареи.

1.

Аҧсны аџьаусуҩцәа Реизара ду, маи, 1921 шықәса.

2.

Нестори Сталин ихьчаҩцәеи, Аҟәа, 1933 шықәса.

3.

Нестор Лакоба (слева), Лавренти Бериа, Агаси Ханџьиан апартиа аконференциаҟны, 1935 ш.

4.

Нестор Лакоба иҩызцәеи иареи.

Нестор Лакоба - Sputnik Аҧсны

1917 шықәсазы Нестор Лакоба иаԥиҵеит ареволиуциатә анхаҩытә дружина "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара. Иара имҩаԥигоз аусқәа рзы дҭаркуеит 1918 шықзсазы, Аԥсныҟа дхынҳәуеит 1920 шықәсазы. Атәыла дахагылоит, 1921 шықәса, март 4 рзы Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь.

"Нестор Лакоба дзыниоз аԥынгылақәа дыриааиуан, апатриот ду еилырганы идыруан итәыла аиқәырхара, ижәлар ииашоу амҩахь ркылгара шхадараз, уи иацыз аҭакԥхықәра ихахьы игон", - ҳәа азгәалҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Альдона Салаҟаиа.

Салаҟаиаԥҳа: Нестор Лакоба Аҟәа аҭҵаарадырратә центрны аҟаҵара дашьҭан

1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон. Аревком ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, арратәи амшынтәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс, Аҟәатәи агорнизон аиҳабыс. Еиҳаракгьы ажәлар рыбзазара аҭышәныртәалара акәын дзышьҭаз, акыҭақәа рахь ирацәаны дныҟәон.

Нестор Лакоба - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба
Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба, Иосиф Сталин, Левренти Бериа, 1932 шықәса
Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Светлана Сталина, Лавренти Бериа, Иосиф Сталин, Нестор Лакоба
1.
Нестор Лакоба
2.
Нестор Лакоба, Иосиф Сталин, Левренти Бериа, 1932 шықәса
3.
Светлана Сталина, Лавренти Бериа, Иосиф Сталин, Нестор Лакоба
Нестор Лакоба за штурвалом самолета. - Sputnik Аҧсны
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит. Лакоба акыр азҿлымҳара аиҭон аҵарадырра, акультура аус, аҿар уи иадиԥхьалон, амилаҭтә знеишьа иадҳәалаз илаԥш ҳәаа акыр иҭбаан, ижәлар рҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара дашьҭан. Иара хаҭала дырԥылахьан Максим Горки, Владимир Маиаковски реиԥш иҟаз ауаа, иара убас аиҩызара рыбжьан арҿиара знапы алакыз, акультура амаҵ азызуаз ауааи иареи.
Нестор Лакоба имашьына "линкольн" ала. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба имашьына "линкольн" ала.

Нестор Лакоба иԥсшьара аамҭазы. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иԥсшьара аамҭазы.

Нестор Лакоба. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба.

Нестор Лакоба. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба.

1.

Нестор Лакоба имашьына "линкольн" ала.

2.

Нестор Лакоба иԥсшьара аамҭазы.

3.

Нестор Лакоба.

4.

Нестор Лакоба.

Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакобеи Иосиф Сталини хаҭала еибадыруан, "Я - Коба, а ты - Лакоба" ҳәа алафгьы рыбжьан. Нестор игәҭакқәеи имҩаԥигоз аусқәеи Сталин иполитикатә планқәа ирԥырхаган. Уи аҿы "амца ацреиҵон" Лавренти Бериа. Уи гәҭакыс ишьҭихит Лакоба аусуразы Москваҟа ииагара, анаҩс иара Аԥсны аҵакырахь ақырҭцәа ааганы инирхон. Сталин изныкымкәа Лакоба идигалахьан Асовет Еидгыла аҳҭнықалақь аҟны аусура, аха Лакоба мап икуан. 1935-1936 шықәсқәа рзы Лакоба Сталин иҿаԥхьа Аԥснытәи АССР РСФСР иалаҵазарц азҵаара ықәиргылеит, уи Сталин даара игәаԥхомызт.

Иҟаз ауадаҩрақәа дырхьымԥшкәа, Лакоба иԥсадгьыл аԥеиԥш азы иқәԥара иациҵон. Уи ԥсраҽнынӡа Аԥсны Қырҭтәыла иалҵразы, ақырҭуа политика иԥсадгьыл анырра алмыршаразы аџьабаа ду ибон. Урҭқәа зегьы анаҩсан Лакоба илахьынҵа рыӡбеит... Ирацәаҩуп аҵарауаа Сталин Лакоба иқәгара 1935 шықәса алагамҭазгьы иӡбахьан ҳәа изшьо...

  • 1936 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Нестор Қарҭҟа иаалырҟьаны иԥхьеит. Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакоба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит. Нестор иҭархара атәы заҳаз ажәлар хыҵны, иԥсыбаҩ аазгоз адәыӷба иаԥыларц еизеит Кьалашәыр адәыӷба аанҿасарҭаҿы.
Нестол Лакоба  - Sputnik Аҧсны

Нестор иԥсыбаҩ анаарга, иԥшәмаԥҳәыс Сариа маӡала аҳақьым диԥхьеит. Аԥсы данԥырҟа, ирбарҭахеит ашҳам – ациантә кали шилаз. Нестор имашьынарныҟәцаҩ еиҭеиҳәеит Лавренти Бериа иҩнаҟынтәи данигоз Нестор "сыршьит" ҳәа ажәазаҵәык шиҳәаз.

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи.

Нестор иԥа Рауф. - Sputnik Аҧсны

Нестор иԥа Рауф.

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи. - Sputnik Аҧсны

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи.

1.

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи.

2.

Нестор иԥа Рауф.

3.

Нестор Лакоба иԥшәмаԥхәыс Сариа Лакобеи иареи.

Аԥсуа револиуционер иҭаацәа арепрессиақәа ирықәшәеит. Иԥшәмаԥҳәыс Сариа дҭаркит нанҳәамза 1937 шықәсазы, абахҭаҿы лара акыр ддыргәаҟит. НКВД аусзуҩцәа Лакоба Сталин ишьра аиҿкаара далахәын ҳәа аҿа лдырҳәар рҭахын. 1939 шықәсазы Сариа лыԥсҭазаара далҵит абахҭа ахәшәтәырҭаҿы. Лара лхаҵа ихьӡ "зҟьашьуаз" шәҟәык лнапы анылымҵеит. Иара убас дҭаркит 14 шықәса зхыҵуаз Нестор иԥа Рауф. Иара Бутыртәи абахҭаҿы дыршьит.

Музей Нестора Лакоба - Sputnik Аҧсны

Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь Лакоба ихьӡ риашан. 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа.

Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.

Нестор Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.

АлагамҭахьИхадоу адаҟьахь
Ажәабжьқәа зегьы
0