Аԥсны

Аҟәа ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ирыдыргалеит апроект "Аҟазара ҳәаадоуп"

Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" мҩаԥыргоит афонд "Ашанеи", аидеиа автор Анна Савиловеи, Аурыс драматә театри Sputnik Аԥсны аинформациатә дгыларала.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" рыднагалеит Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ лаҵара 15 рзы.
Ацхыраагӡатә школ ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа лзеиҭарҳәеит Афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа. Дара ирҳәеит қәҿиарала ашкол иалгар, ифатәҟаҵаҩхар, ишәаҳәаҩхар, иҳақьымхар шырҭаху атәы.
"Зегь раасҭа ихадоу – унапқәа увамҳароуп. Уи уазықәԥалар иуылымшаша улшоит. Ашкол ашьҭахь сара амшын ахь сныҟәалоит, абаҩырҵәыра ҟасҵалоит, иҟалап асценаҿ сықәгылаларгьы", - ҳәа иҳәоит аҵаҩы Анри.
Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" ззырхоу зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциалтәи акультуратәи усхкқәа ралархәра ауп. Апроект иалахәхар рылшоит афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо рнаҩсгьы 18 шықәса иҭымсыц егьырҭ зылшара ԥку зегьы. Уи азы афонд аԥошьҭахь инашьҭтәуп "Сара сгәаҳәара" атемала аҭоурыхқәа.
"Аҟазара ҳәаадоуп": Џьынџьалԥҳаи Жорданиеи еиҭарҳәеит афонд "Ашана" апроект ҿыц зызку
Аҭоурыхқәа зегьы кьыԥхьхоит аинформациа аганахь ала адгылара рызҭо амаҵзура Sputnik Аԥсны аҟны. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ арежиссиор ҭоурыхқәак алхны ԥхьаҟа иқәыргылахо аспектакль азы асценари азирхиоит.
Азыҳәақәа лаҵара 31 рҟынӡа инарышьҭлоит абри аԥошьҭахьгьы: iskusstvobezgranits@gmail.com.
Аҭоурыхқәа акьыԥхь, авидео, аудио форматқәа рыла ирхиазар ҟалоит.