"Аҟазара ҳәаадоуп": Џьынџьалԥҳаи Жорданиеи еиҭарҳәеит афонд "Ашана" апроект ҿыц зызку

Анапаҵаҩра
"Аҟазара ҳәаадоуп"- абас ахьӡуп акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект ҿыц, уи нагӡахоит Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр ацхыраарала, аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны. Аидеиа автор- Анна Савилова.
Автор "Аҟазара ҳәаадоуп" алҵшәақәа рыла РУСДРАМ арежиссиор Џьамбул Жорданиа ажәабжьқәа ирылхны асценариа иҩуеит, уи ашьҭахь аспектакль ықәиргылоит.
Апроект аҽалархәразы ажәабжь iskusstvobezgranits@gmail.com аԥошьҭахь анашьҭра ҟалоит.
Афонд "Ашана" Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит, ажәабжьқәа кьыԥхьны инаргар еиҳа ишыманшәалоу.
Апроект иалахәхар рылшоит 18 шықәса еиҳам ахәыҷқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0