Аԥсны

Аԥсназы аҳақьымцәа разыҟаҵара атәы иалацәажәеит Москва

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны И.М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи амедицинатә университет аректор, РАА академик, апрофессор, амедицинатә ҭҵаарақәа рдоктор Пиотр Глыбочко диԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аҳақьымцәа разыҟаҵареи аԥснытәи ачымазцәа Актәи Москватәи амедицинатә университет аҟны рыхәшәтәрази азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, УАА академик Пиотр Глыбочкои.
Аиԥылара мҩаԥысит Москва.
Аганқәа алацәажәеит:
аԥснытәи амедикцәа Сеченовтәи ауниверситет аклиникақәа рҟны рԥышәеизырҳара ахысра,
арҵаратә программақәа рымҩаԥгара,
аԥсуа ҟазауаа аҭҵаарадырратә ҩаӡара роура.
Заанаҵтәи аӡбамҭақәа рыла аусеицура зырӷәӷәо ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп - аҵарадырратә форумқәа, аквалификациа ашьҭыхразы аҟазаратә классқәа.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит