Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсназы аҳақьымцәа разыҟаҵара атәы иалацәажәеит Москва

© Foto / Минздрав АбхазииАԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны И.М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи амедицинатә Университет аректор, РАН академик, апрофессором, амедицинатә ҭҵаарақәа рдоктор Пиотр Глыбочко диԥылеит.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны И.М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи амедицинатә Университет аректор, РАН академик, апрофессором, амедицинатә ҭҵаарақәа рдоктор Пиотр Глыбочко диԥылеит.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны И.М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи амедицинатә университет аректор, РАА академик, апрофессор, амедицинатә ҭҵаарақәа рдоктор Пиотр Глыбочко диԥылеит.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аҳақьымцәа разыҟаҵареи аԥснытәи ачымазцәа Актәи Москватәи амедицинатә университет аҟны рыхәшәтәрази азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, УАА академик Пиотр Глыбочкои.
Аиԥылара мҩаԥысит Москва.
Аганқәа алацәажәеит:
аԥснытәи амедикцәа Сеченовтәи ауниверситет аклиникақәа рҟны рԥышәеизырҳара ахысра,
арҵаратә программақәа рымҩаԥгара,
аԥсуа ҟазауаа аҭҵаарадырратә ҩаӡара роура.
Заанаҵтәи аӡбамҭақәа рыла аусеицура зырӷәӷәо ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп - аҵарадырратә форумқәа, аквалификациа ашьҭыхразы аҟазаратә классқәа.
Эдуарда Бутба с первым заместителем Министра здравоохранения Российской Федерации Виктором Фисенко. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0