Аԥсны

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны

Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны амҽыша лаҵара 21 рзы.
Аԥсны
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Ҽынла акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥысит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асланбек Мирзоев илекциеи Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба илекциеи.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы адыгаларала имҩаԥысит арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә класс.
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит арепатриантцәа рфотосахьақәа 12-еи рҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа.
Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан ахәылбыҽха. Аҽыуааи аҵәыџь мцақәа зкыз жәаҩыла ауааи еишьҭагыланы имҩасит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа.
Абаҟахьы инеиз ауаажәларреи атәыла анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит.
Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.
1 / 2

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны

2 / 2

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны

Лаҵарамза 21 1864 шықәса - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит.
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит.
Аԥсны
Ацәыргақәҵақәа, аҵәыџь мца, Нарҭаа рымца: Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз шыргәаладыршәаз