Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа

© Sputnik / Сария КварацхелияВозложение цветов у мемориала Махаджирам
Возложение  цветов у мемориала Махаджирам - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2023
Анапаҵаҩра
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит лаҵарамза 21 рзы.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа лаҵара 21 рзы.
Араион ахадареи ауаажәларреи амҳаџьырцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иацҵан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы, уа иаадыртит амҳаџьырцәа рбаҟа. Акомпозициа "Шьышь нани" аԥиҵеит аскульптор Алхас Кәырмазиа Баграт Шьынқәба еицырдыруа иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа" иалхыз ашәа шьаҭас иганы.
"Аусумҭа уанахәаԥшлак, уи аҵакы иаразнак еилукааратәы иҟазароуп, убри азы сара ари аскульптура шьаҭас иазызгеит "Шьышь нани" - уи Аԥсны еицырдыруа ҭоурыхуп. Акомпозициа ҵаҟатәи ахәҭаҿы аԥсақәа гылоуп. Уи ҽазныкгьы инаҵшьны ицәырнагоит аԥсуаа хатәгәаԥхарала акәымкәа, мчыла аибашьра иалҵшәаны рыԥсадгьыл аҟынтәи Ҭырқәтәылаҟа ишахцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Кәырмазиа.
Абаҟа аԥҵатәуп ҳәа агәҭакы лызцәырҵит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа. Лара еиҭалҳәеит еицырдыруа агарашәа аҭоурых.
"Ҭырқәтәылаҟа аԥсуаа ахыганы изгоз “Маҳмадиа” захьӡыз аӷба еиқәаҵәала иҭалаҳан, иахьыргоз рымбарц азы. Ахәыҷқәа иԥсуаз зегьы аӡы иаларыԥсон, убри азоуп аԥсуаа аԥсыӡ зырымфоз... Уи аԥҳәыс лнапаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз лысаби амшын далармыжьырц азы, "уцәа, сыҷкәын, уа нани, рыҩны уҟам уаби уани, Амшын еиқәа уамами" ҳәа агарашәа изылҳәон. Абри аԥҳәыс лгәаҟра иахылҵыз ашәа ала иара иаҳзеиқәиршәеит абаҟа”, - ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.
Аскульптура шьақәдыргылеит "Амҳаџьырқәа" захьӡу азал аҿы, уи хара имгакәа аартра ҟалараны иҟоуп.
Абаҟа анаадыртуаз ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Риҵа" ахкынагӡаҩ Наҭелла (Татасик) Бигәааԥҳа иналыгӡеит “Шьышь нани”. Ашколқәа рҵаҩцәа ирҳәеит ажәеинраалақәа.
Лаҵарамза 21 1864 шықәса рзы - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит.
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит. Амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа иахьатәи аамҭазы инхоит атәылақәа жәпакы рҟны, реиҳа ирацәаны ҳдиаспора ықәынхоит Ҭырқәтәыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0