https://sputnik-abkhazia.info/20230521/kavkazti-aibashra-ialayz-rgaladyrsheit-asny-1045924887.html
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы. 21.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-21T22:00+0300
2023-05-21T22:00+0300
2023-05-21T22:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/15/1045924365_0:0:3640:2048_1920x0_80_0_0_5a35d717baf56ed697f09b168ade205a.jpg
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны амҽыша лаҵара 21 рзы.Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.Ҽынла акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥысит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асланбек Мирзоев илекциеи Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба илекциеи.Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы адыгаларала имҩаԥысит арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә класс.Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит арепатриантцәа рфотосахьақәа 12-еи рҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа.Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.Абаҟахьы инеиз ауаажәларреи атәыла анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит.Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Лаҵарамза 21 1864 шықәса - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит.Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230521/kavkaz-ampyakhalarat-eibashra-ialayz-rgaladyrsheit-gdoua-1045920190.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230521/ay-mtsei-naraa-rymtsei-asny-kavkazti-aibashra-ialayz-shyrgaladyrshaz-1045925884.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/15/1045924365_455:0:3186:2048_1920x0_80_0_0_222f90e2f75a0534e95635e9aab42385.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
22:00 21.05.2023 (ирҿыцуп: 22:22 21.05.2023) Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны амҽыша лаҵара 21 рзы.
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Ҽынла акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥысит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асланбек Мирзоев илекциеи Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба илекциеи.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы адыгаларала имҩаԥысит арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә класс.
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит арепатриантцәа рфотосахьақәа 12-еи рҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа.
Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан ахәылбыҽха. Аҽыуааи аҵәыџь мцақәа зкыз жәаҩыла ауааи еишьҭагыланы имҩасит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа.
Абаҟахьы инеиз ауаажәларреи атәыла анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит.
Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.
© Sputnik / Леон Адлейба Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
© Sputnik / Леон Адлейба Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Лаҵарамза 21 1864 шықәса - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит.
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит.