Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа аеродром "Днепр" ааха арҭеит

Ааха ҟаҵан ахарантә ихысуа, амшын ихгылоу абџьар аҟынтә.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа аеродром "Днепр" аобиектқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Ахықәкы иҳамаз нагӡоуп. Иарбаз аобиектқәа зегьы ықәыцҟьаауп. Ааха рыҭоуп абџьари аџьаԥҳани ахьышьҭаз ангарқәа, авиациатә техника, иара убасгьы аракетақәа ртехникатә позициақәа", - аҳәоит адырраҭара.
Аусбарҭа адыррала, Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иаԥырҟәҟәаан адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хԥа ржәыларақәа. Абри аамҭа иалагӡаны ари ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 50-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30, 103-тәи аҵакыратә хьчара абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 55-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30, Донецктәи ахырхарҭаҿы – УАМ аибашьцәа 270 ҭархоуп, иҭархоуп акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хԥа, агаубица Д-20, агаубица Д-30.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы аӷа ицәыӡит 150-ҩык аибашьцәа, апикапқәа ҩба, ҩ-гаубицак Д-30, 65-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ асолдаҭцәа 20-ҩык, автомашьынақәа ԥшьба, апушка "Гиацинт-Б", агаубица "Мста-Б", 123-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Аоператив-тактикатә авиациеи артиллериеи иҭадырхеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 98, 107 раион рҿы – аруааи атехникеи.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит украинатәи авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 17, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хәба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Артиомовск ахы иақәиҭтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит