Аԥсны

ААИ амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәо ирықәымныҟәо гәарҭоит

Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит ауаа мҩаԥызго амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа еиларгоит ҳәа Аԥсны ауааԥсыра иҟарҵо агәынамӡарақәа инарымаданы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 – Spuitnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит амаршрут таксиқәа, ақалақьқәа рыбжьара ибжьоу автобусқәа рныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо азы. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭавтоинспекциа афициалтә Telegram-калан.

Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Лоу Инал-иԥа иажәақәа рыла, агәаҭарақәа мҩаԥысуеит Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи иҟарҵаз аҳәарала.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рыҟны лассы-ласс ицәырҵуа иалагеит, амаршруттә таксиқәеи автобусқәеи рныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа еиларгоит ҳәа аинформациа", - иҳәеит иара.
Инал-иԥа иазгәеиҭеит, аилагарақәа аарԥшхар амашьына арныҟәцаҩцәа ауааԥсыра рымҩаԥгаразы алицензиа шрымххо.
Арадио
Џьынџьал амҩатә машәырқәа рзы: амилициа мацарала аҭагылазаашьа аиӷьтәра уадаҩхоит