Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьал амҩатә машәырқәа рзы: амилициа мацарала аҭагылазаашьа аиӷьтәра уадаҩхоит

Џьынџьал амҩатә машәырқәа рзы: амилициа мацарала аҭагылазаашьа аиӷьтәра уадаҩхоит
Анапаҵаҩра
Асабша, лаҵара 13 рзы амҩан иҟалаз амашәыр аҟны иҭахеит 25 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуаз хәҩык ауааԥсыра. Амашьына арныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан абетон аанда дасит. Ари ахҭыс инақәырццакны Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр атәыла Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабыи уи ихаҭыԥуааи рмаҵзурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭитәит.
Акадртә еиҭакрақәа аҭагылазаашьа иабанӡаныԥшуа, амҩатә машәырқәа раанкылашьас иҟоу азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа рхеилак аиҳабы, амилициа аполковник Владимир Џьынџьал.
"Ас еиԥш иҟоу даараӡа угәы узырхьуа хҭысуп, трагедиа дууп аҭаацәа рзы мацара акәымкәа ҳажәлар зегьы рзы. Ҳәарада, ари амилициа мацара, аҳәынҭавтоинспекциа ирхароуп ҳәа ҳақәгылар, иашамзар ҟалап. Иара аԥсҟы зку хәыҷык ихы деиҷаҳаны иимыхьчар, иахьа аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рыла мацара иаҳзеиҿкааӡом. Аусура иамырхит, ижәны аԥсҟы зку рзы ахараԥсақәа ирыцырҵеит, аха уи ҳажәлар макьана иааннамкылеит. Астатистикала иумбоит шаҟаҩы ижәны амҩа иану. Аҭаацәа, агәылацәа, аҩызцәа, ақәлацәа зегьы ҳаидгыланы ас еиԥш (ахымҩаԥгашьа-азгәаҭа) мап ацәаҳамкыр, амилициа мацарала (аҭагылазаашьа аиӷьтәра-азгәаҭа) даараӡа иуадаҩхоит", - иҳәеит Џьынџьал.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0