АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭа анхаҩы аквадроциклқәа ԥшьба имырхит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы (АҲЕ) апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррала, аквадроциклқәа ареспубликахь иааган аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы.
Ари административтә зинеилагара иазку аматериалқәа еишьҭаргыланы инашьҭуп ашьаусԥшааранӡатәи аҟәшеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы (АҲЕ) аҳазалхратә шьаусԥшаарақәа рыҟәшеи рахь.