Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылауаҩ изакәанымкәа иҭеигалаз аквадроциклқәа имхын

© Foto / ГТК АбхазииНезаконно ввезенные в Абхазию квадроциклы
Незаконно ввезенные в Абхазию квадроциклы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Анапаҵаҩра
Аквадроциклқәа ԥшаан Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аконтрабанда аԥырҟәҟәааразы аусбарҭа аусзуҩцәа, аоператив-профилактикатә усура анымҩаԥыргоз.
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭа анхаҩы аквадроциклқәа ԥшьба имырхит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы (АҲЕ) апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррала, аквадроциклқәа ареспубликахь иааган аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы.
Ари административтә зинеилагара иазку аматериалқәа еишьҭаргыланы инашьҭуп ашьаусԥшааранӡатәи аҟәшеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы (АҲЕ) аҳазалхратә шьаусԥшаарақәа рыҟәшеи рахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0