Урыстәыла

Белгородтәи аобласт адиверсантцәа ралалара атерроризм афакт ала ашьаус хацыркуп

Ашьаус хацыркуп Урыстәылатәи ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 205, 317, 105, 167, 222 иара убас 222.1 инарықәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 – Spuitnik. Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ф-хәҭаҷк, Белгородтәи аобласт адиверсантцәа ралалара атерроризм афакт ала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Урыстәылатәи ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 205, 317, 105, 167, 222, 222.1 инарықәыршәаны ашьаус хацыркуп (атеррористтә акт, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылараз, ашьра аҽазышәара, идырны амазара аимҵәара мамзаргьы ааха аҭара, закәаншьаҭада абџьари арҭҟәацгақәеи рхархәараз)", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Уажәы аусбарҭа аусзуҩцәа иҟалаз аҭагылазаашьеи ақәылаҩцәа рхаҭарақәеи ҭырҵаауеит.
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла, ашәахьа лаҵара 22 рзы украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ Белгородтәи аобласт, Граиворонтәи аокруг иалалеит. Дара миномиотлеи артиллериалеи административтә хыбрақәеи анхарҭатә ҩнқәеи иреихсит. Уи иахҟьаны аҭынч уааԥсыра еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Урыстәыла
Путин адырра ирҭеит украинатәи адиверсантцәа Белгородтәи аобласт ралалара шаԥырҟәҟәаау