Урыстәыла

Путин адырра ирҭеит украинатәи адиверсантцәа Белгородтәи аобласт ралалара шаԥырҟәҟәаау

© Sputnik / Михаил Метцель/ POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в совещании судей судов общей юрисдикции, военных и арбитражных судов
Президент РФ В. Путин принял участие в совещании судей судов общей юрисдикции, военных и арбитражных судов - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, Росгвардиеи, АШәМи алархәны аӷа иаԥыхразы иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит.
АҞӘА, лаҵара 22 – Spuitnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин адырра ирҭеит украинатәи адиверсантцәа Белгородтәи аобласт ахь ралалара шаԥырҟәҟәаау. Абри атәы иҳәеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи, Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, Росгвардиеи, АШәМи адҵаҟаҵаҩ хада адырра ирҭеит украинатәи адиверсантцәа Белгородтәи аобласт ралалара шаԥырҟәҟәаау. Уажәы урҭ урыстәылатәи аҵакыра ралцарази рнырҵәарази аусурақәа мҩаԥысуеит. Уи азы амчқәа азхоит", - иҳәеит иара.
Песков иҳәеит украинатәи адиверсиа ишахықәкыз Бахмуттәи ахырхарҭа ацәхьакра, ақалақь ахьырцәыӡыз иаҵоу аполитикатә ҵакы арԥсыҽра.
Украина адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ Белгородтәи аобласт, Граиворонтәи аокруг иалалеит лаҵара 22 рзы. Уаанӡа ари аокруг миномиотла иеихсит. Ахәрақәа роуит ахаҵеи аԥҳәыси. Аԥҳәыс ареанимациаҿ дышьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0