Аԥсны

Аԥсны атуризм аминистр акурорттә аамҭа аламҭалазы Афон Ҿыци Аҟәа араиони дырҭааит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба акурорттә аамҭа аламҭалазы Афон Ҿыци Аҟәа араиони дырҭааит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Хышба дырԥылеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанааи Афон Ҿыц ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҳарабуеи.
Ҳарабуа иажәақәа рыла, Афон Ҿыц иҟоуп -46 сасааирҭа, ԥшь-сасааирҭа маҷ, 1087 иара-ҭыԥ.
Ақалақь аиқәырхаҩцәа амаӡам, аха аплиажқәа дрыцқьоит, акурорттә сезон иазыҟарҵоит.
"Аӡҳәаарбагақәеи, анышьқәеи, аиқәырхаратә ӡараҭаршәқәеи ааҳхәахьеит, амшынҭалаҩцәеи ҳаԥсшьаҩцәеи ршәарҭадаразы администрациа амчала зегь ҟаҳҵоит",- иҳәеит Ҳарабуа.
Иара убас Ҳарабуа иазгәеиҭеит, Афон Ҿыц анаԥшы-ааԥшырҭатә барбал аадыртуеит ҳәа.
Аԥсны
Афон Ҿыц анаԥшы-ааԥшырҭатә барбал аадыртуеит
Аҟәа араион ахадеи атуризм аминистри еиԥылеит аглемпинг GARUDA GLAMPING ABKHAZIA аҟны.
Аминистр имоу аинформациала, араион аҟны жә-сасааирҭаки 2500 иара-ҭыԥи ыҟоуп.
Алхас Ҷыҭана иазгәеиҭеит, араион аҟны атуризм аҿиара ишадгыло.
Аԥсны
Атуризм аминистрра: аԥхынразы Аҟәа атуристтә қәыӷәӷәара ду аиуеит ҳәа ҳаԥшуп