Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуризм аминистрра: аԥхынразы Аҟәа атуристтә қәыӷәӷәара ду аиуеит ҳәа ҳаԥшуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Туристы на пляже в Сухуме
Туристы на пляже в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба акурорттә сезон аламҭалазы диԥылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥхынразы Аҟәа атуристтә қәыӷәӷәара ду ҳазыԥшуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аҳҭнықалақь ахадеи иареи реиԥылараан.
"Аҳҭнықалақь ақәыӷәӷәара ду аиуеит ҳәа ҳаԥшуп. Раԥхьа иргыланы ҳасасцәа ршәарҭадареи аҭагылазаашьа бзиеи рзаԥҵатәуп. Аӡы, афымца, амҩақәа -абарҭқәа хадароуп", - иҳәеит аминистр.
Аипылараҟны аплиажқәа рҟны ашәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Ишыздыруа ала, анаплакҩцәа рымчқәа рыла еиҿкаау аплиажқәа ыҟоуп. Аха, Аҟәа агәҭа иҟоу аплиажқәа ҷыдала ахылаԥшра рҭахәуп, амшцәгьақәа раан аԥсшьаҩцәа рхы шымҩаԥыргаша рыздырӡом", - иҳәеит Хышба.
Беслан Ешба иажаәақәа рыла, ақалақь анапхгара аплиажқәа рҟны ашәарҭадара аиҿкаара иашьклаԥшуеит.
аӡҳәаарбагақәа ргылахоит
аиқәырхаҩцәа разымхара ыҟоуп
аҵыхәтәантәи хышықәса Аҟәа аӡәгьы амшын дамгаӡацт
Есышықәса аԥшаҳәаҿы аԥыԥшра мҩаԥыргоит
Ҭеимураз Хышбеи Беслан Ешбеи адраматә театр аԥхьа имҩаԥысуа аусурақәа шцо гәарҭеит.
Ешба, иара убас иҳәеит, Аҟәа, Ешбеи, Шьынқәбеи рыхьӡ зху апаркқәеи, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭеи рҟны аинформациатә ҿхышәқәа шышьақәыргыло. Урҭ рхархәарала атуристцәа алшара рымоуп аҳҭнықалақь аҭыԥ ԥшӡарақәеи, ақалақь аҭоурыхи, акультуреи рыҭҵаара, акрыфарҭақәеи ақаҳуажәырҭақәеи ахьыҟоу реилкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0