Аԥсны

Аԥсны ААР аусзуҩцәа ииасыз амчыбжь азы акриптоԥара арҳаразы 70 хархәага алыргеит

Закәаншьаҭада акриптоԥара арҳаразы ареспубликатә штаб аԥҵан жәабран 6 азы ахада инапынҵала. Уи хадара аиҭоит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25- Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ииасыз амчыбжь азы акриптоԥара арҳаразы 70 хархәага алыргеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аппаратқәа аарԥшын Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы:
Очамчыра - 17 аппарат, аԥшәма Лаша Сабекьиа, аппаратк- Иракли Шьамаҭаа,
Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан - 51 аппарат ахьықәгылаз амаининг-ферма аԥшәма Владимир Родионов.
Жәабран 5 аахыс игәаҭоуп 888 хыбра, 1707 ак хархәагақәа рылгоуп.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 аахыс ареспубликаҿ амаининг хархәагақәа ралагалара азин аанкылоуп.