Аԥсны

Лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз адепутатцәа Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟарҵеит

Иахьатәи аиҳабыра рполитика иадымгыло жәлар рмитинг азгәаҭоуп Аҟәа, лаҵара 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз атәылауаа рахь ааԥхьара апроект рыдыркылеит.
Адокумент аҿы адепутатцәа атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра рызцәырнагоит.
Адепутатцәа атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит агәҽанызаареи аҟәыӷареи аадырԥшырц, азакәан иқәныҟәаларц. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ареспубликаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алдмыршароуп, аҳәынҭқарратә мчрақәа ракәзаргьы атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хьчо, Аконституциа иаҿагыло уск алыдмыршароуп.
Аԥсны
Иахьатәи амчрақәа рполитика иадымгыло рмитинг мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәа