https://sputnik-abkhazia.info/20230526/laara-30-ryzti-amiting-alamalaz-adeputattsa-asny-zhlar-rakh-aakhara-areit-1046006168.html
Лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз адепутатцәа Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟарҵеит
Лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз адепутатцәа Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟарҵеит
Иахьатәи аиҳабыра рполитика иадымгыло жәлар рмитинг азгәаҭоуп Аҟәа, лаҵара 30 рзы. 26.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-26T13:47+0300
2023-05-26T13:47+0300
2023-05-26T13:47+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1a/1046004381_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_88689984191fd6ed1e12d131ebf28985.jpg
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз атәылауаа рахь ааԥхьара апроект рыдыркылеит. Адокумент аҿы адепутатцәа атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра рызцәырнагоит. Адепутатцәа атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит агәҽанызаареи аҟәыӷареи аадырԥшырц, азакәан иқәныҟәаларц. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ареспубликаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алдмыршароуп, аҳәынҭқарратә мчрақәа ракәзаргьы атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хьчо, Аконституциа иаҿагыло уск алыдмыршароуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20230511/iakhati-amchraa-rpolitika-iadymgylo-rmiting-mayrgarany-ioup-aa---1045751487.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1a/1046004381_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_ba5dc9a3fde6a846a73f2e1371e9bdf5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз адепутатцәа Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟарҵеит
Иахьатәи аиҳабыра рполитика иадымгыло жәлар рмитинг азгәаҭоуп Аҟәа, лаҵара 30 рзы.
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа лаҵара 30 рызтәи амитинг аламҭалаз атәылауаа рахь ааԥхьара апроект рыдыркылеит.
Адокумент аҿы адепутатцәа атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра рызцәырнагоит.
Адепутатцәа атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит агәҽанызаареи аҟәыӷареи аадырԥшырц, азакәан иқәныҟәаларц. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ареспубликаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алдмыршароуп, аҳәынҭқарратә мчрақәа ракәзаргьы атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хьчо, Аконституциа иаҿагыло уск алыдмыршароуп.