Аԥсны

Урыстәылатәи аспелеологцәа ашықәс ҿыц ҳаҭалеижьҭеи Аԥсны 17 ҳаԥы рыԥшаахьеит

Аҳаԥқәа аиҳарак - 15 метра еиҳаӡам. Аха иҟоуп зыҵаулара 60 метра инаӡо зхатәы адгьылаҵатәи аӡыхьқәагь змоу.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. 2023 шықәса ҳаҭалеижьҭеи Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны 17 ҳаԥы рыԥшаахьеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Вернадски ихьӡ зху Крымтәи афедералтә университет атуризми, агеоекологиеи, агеографиеи рфакультет арҵаҩы еиҳабы Геннади Самохин.

Аҳаԥқәа ԥшаауп Гагра араион аҟны. Аҳаԥқәа аиҳарак - 15 метра еиҳаӡам. Аха иҟоуп зыҵаулара 60 метра инаӡо, зхатәы адгьылаҵатәи аӡыхьқәагь змоу.

"Арҭ аӡыхьқәа акарсттә ӡыхь Ҳаԥырҩаш (Репруа- аред.) иалалоит. Акарсттә ӡыхь Ҳаԥырҩаш ахы ыҵнахуеит Аԥсни адунеии аҟны зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥы - Крубер. Ҳгәы иаанагоит, аҳаԥы аилазаара аԥшаараз ҳахьашьҭоу уаанӡатәи Џьарназ аҳабла, ари аинтерес зҵоу хырхарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Самохин.
Аҭҵаарадырра аганахь адагьы, арҭ аартрақәа аекологиа аханахь алагьы аинтерес рыҵоуп. Самохин иажәақәа рыла Аԥсны аӡиасқәа рацәоуп, аха иҟоуп ҳаблақәакгьы аӡы ахьырзымхо.
Аԥсны
Афон иаԥырҵеит Гиви Смыр ихьӡ зху аҳаԥҭҵааҩцәа ҿарацәа рыклуб
Аҳаԥқәа руак Џьарназ ахьӡырҵеит - ааигәа иҟоу аҳабла уаанӡатәи ахьӡ. Егьырҭ макьана ахьӡқәа рырымҭаӡацт, аҵарауаа уи азын Аԥсны Аекологиаз аҳәынҭқарратә еилакы иадҵаалеит иалацәажәарц.
Урыстәылатәи аспелеологцәа аԥхьаҟагь рыҭҵаарақәа Гагра араион аҟны иацырҵап ҳәа ргәы иҭоуп. Самохин игәаанагарала иҟоуп агәыӷра адунеи аҟны зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥы ҳәа ишьоу Веревкин аасҭа иҵаулоу аԥшаара.
Аԥсны аҳаԥқәа рыҭҵаареи рыԥшаареи рзы апроект хацыркын 2022 шықәсазы, Аԥсны Аекологиаз аҳәынҭқарратә еилаки, Урыстәыла агеографиатә еилазаареи, Урыстәылатәи аспелеологцәа реилазаареи русеицурала.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи АҶА-еи рҟазацәа аҭҵааратә ԥышәара еицымҩаԥыргеит адгьылаҵатәи аӡқәа рышәразы. Ашьхаҟьаҟьара Арбаика иҟоу аҳаԥқәа Крубер, Веревкин, Ӡоу ашәыгақәа ҭарыжьит, аԥшаҳәаҟны аԥшшәқәа зларбашаз дыргылеит. Ари акыр аёцанакуеит адгьылаҵатәи агидроеилазаара аус шауа аилкаараз.