Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афон иаԥырҵеит Гиви Смыр ихьӡ зху аҳаԥҭҵааҩцәа ҿарацәа рыклуб

© Sputnik / Томас Тхайцук Новоафонская пещера
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Гиви Смыр - Леон иордени "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара аордени занашьоу, аскульптор, асахьаҭыхыҩ, Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьаӡа иаазыртыз.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Афон иаԥҵоуп Гиви Смыр ихьӡ зху аҳаԥҭҵааҩцәа ҿарацәа рыклуб ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аклуб анапхгаҩы Ахра Смыр.

"Аклуб 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан, аха ҳара аҳаԥҭҵаара ҳаҿуижьҭеи шықәсык ааҟара ҵоит. Ҳара, Аԥсны идырым аҳаԥқәа ҭаҳҵаауеит, ус иҟоу рацәоуп. Ҳара ҳрызҿлымҳауп дара рыҩнуҵҟа иҟоу аӡқәа реилазаашьа, аҳауа аҭагылазаашьа, аҵаулара, зыԥсы ҭоу ахәаҷақәа ҳәа акыр ыҟазар. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп аекологцәеи абиологцәеи агеологцәеи адҳаԥхьаларц", - ҳәа иҳәеит иара.

Смыр иажәақәа рыла, аклуб шьақәгылоуп фҩык рыла. Хәҩык школхәыҷқәоуп, аӡәы дыстудентуп. Дара неихьеит макьана иҭҵаам аҩада Ешыра, Гәым аҳаԥы ахагәҵәытәла. Ҿыц аҳаԥҭҵаара иалагаз арԥарцәа, рнапхгаҩы дрыцны аҳаԥы аҭаларҭа аҟынтәи быжь-метрак аҵаулара аҟынӡа илыбааит.
"Ахәыҷқәа рзын ари аҭыԥ маншәалоуп. Ишәарҭаӡам, уаҟа амабил ҭелқәа акуеит, насгьы амҩа хада иацәыхараӡам. Макьана уаҟа аус ааулоит, анаҩс хәыҷы-хәыҷла ашьхарахь ҳхалоит. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу аҳаԥҭҵааҩцәа реиҵааӡара ауп", - ҳәа иҳәеит Смыр.
Аклуб анапхгаҩы иазгәеиҭеит, Афон Ҿыц иахьаҵанакуа иҭҵаам аҳаԥқәа шырацәоу, урҭ рыбжьара ишыҟоу еицырдыруа Афонҿыцтәи аҳаԥы. Аԥсни Урыстәылеи рыспелеологцәа хара имгакәан уи аҭҵаара нап адаркраны иҟоуп. МАУ аҳаԥҭҵааҩцәа рыклуби дареи ахыркәшарахь инеиуеит Анхәа ақыҭа 30 километра аҩадахьы иҟоу аҳаԥы Лашԥсар.
Аҳаԥҭҵаара-абзиабаҩцәа рыклуб ацхыраара арҭоит Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьаӡа иаазырҭыз Гиви Смыр иҭаацәа.
Гиви Смыр диит лаҵара 9, 1945 шықәсазы Афон ҿыц ақалақь аҟны. 1961 шықәсазы 16 шықәса анихыҵуаз имацара иаабац ашахала, ажәытәуаа ишырҳәоз еиԥш "Ҵа змаӡамаз атыша" дҭалеит.
Абас ала иаартын иахьа адунеи аҟны зегь раасҭа идуу аҳаԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло Афонҿыцтәи аҳаԥы. Аҵанӡа анеира залыршамхеит аҟазацәа рыда, аамҭақәак рнаҩс Гиви Смыри аспелеологцәеи ирылшеит аҵанӡа алыбаара.
Гиви Смыр идунеи иԥсахит 71 шықәса дшырҭагылаз абҵара 18, 2016 шықәсазы.
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Аԥсны
Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы
Ажәабжьқәа зегьы
0