Аԥсны

Зхьышьҭра змырӡыз: Намық Арсҭаа еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа нхара дшааз

Sputnik
Ҭырқəтəыла Диузџье ақалақь иазааигәоу Аԥсарацхьынара ақыҭа иалҵыз, Сҭампыл инхоз Арсҭаа Намық Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит 2007 шықәсазы. Ҩышықәса рнаҩс иаҳа лассы-ласс даҭаауа далагеит Аԥсны, нхара ҳәа диасит 2013 шықәсазы. Намық иажәақәа рыла, згәы ҭыӷьӷьаа иҟоу аԥсуа жәлар дрызхәыцны шьҭахьҟа сцандаз имҳәаӡеит.